id
stringlengths 3
5
| url
stringlengths 31
83
| title
stringlengths 1
53
| text
stringlengths 15
67k
|
|---|---|---|---|
2990
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кокоиты,_Едуард
|
Кокоиты, Едуард
|
Едуард Кокоиты (, ; диит , Цхинвал) — Аахыҵ Уаԥстәыла аполитик.
1988 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәылатәи арҵаҩратә институт далгеит. Аԥхьатәи Ақырҭуа-Ауаԥс еимакы ашықәсқәа раан атәылахьчара аотриад напхгара аиҭон. 1990-1993 шықәсқәа раан Аахыҵ Уаԥстәыла апарламент адепутатс дыҟан, 1997 шықәсазы – УА ахәаахәҭратә хаҭарнакс. 2001 шықәсазы Аахыҵ уаԥстәыла ахадас далхуп. Дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥацәа имоуп.
Азхьарԥшқәа
Кокойты Эдуард Джабеевич - абиографиа kavkaz-uzel.eu
Акатегориа:1964 шықәсазы ииз
Акатегориа:Жьҭаарамза 31 рзы ииз
Акатегориа:Аахыҵ Уаԥстәыла ахадацәа
Акатегориа:Аахыҵ Уаԥстәылатәи аполитикцәа
|
2992
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Рогозин,_Дмитрии
|
Рогозин, Дмитрии
|
Дмитрии Олег-иԥа Рогозин (; диит , Москва, СССР) — Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак.
Абара
Blog at Twitter
Аофициалтә саит
Russian Mission to NATO
Официальный сайт «Конгресса русских общин»
Акатегориа:Урыстәылатәи аполитикцәа
Акатегориа:Урыстәылатәи адипломатцәа
Акатегориа:1963 шықәсазы ииз
Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 21 рзы ииз
|
2995
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гагәылиа,_Геннади_Леонид-иԥа
|
Гагәылиа, Геннади Леонид-иԥа
|
Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа — (; , Лыхны — , Мысра) — Аԥсны ԥасатәи аԥыза-министр (1995-97 шш., 2002-03 шш.), Ареспублика Аԥсны Ахәҳахәҭра-аагалыхратә палата апрезидент. Диит ажьырныҳәа 4, 1948 шықәсазы.
Акатегориа:Аԥсны аԥыза-министрцәа
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Гагәылиаа
Акатегориа:1948 шықәсазы ииз
Акатегориа:Ажьырныҳәамза 4 рзы ииз
Акатегориа:2018 шықәсазы иԥсыз
Акатегориа:Цәыббрамза 8 рзы иԥсыз
|
2997
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Заицев,_Анатолии_Иннокент-иԥа
|
Заицев, Анатолии Иннокент-иԥа
|
Анатолии Иннокент-иԥа Заицев (; диит ) — Аԥсны Арбџьартә мчқәа рыштаб хада аиҳабы.
Ахьарԥшқәа
Азхьарԥшқәа
Абхазский генералитет ушел на пенсию - georgiatimes.info, 29. 4. 2010.
Акатегориа:Аԥсны аинралцәа
Акатегориа:1947 шықәсазы ииз
Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 20 рзы ииз
|
3000
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Логәуа,_Ныгәзар_Ҷыҷыкәа-иԥа
|
Логәуа, Ныгәзар Ҷыҷыкәа-иԥа
|
Ныгәзар Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа (; диит , Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР) — Аԥсны Акультура аминистр (2005-2007шш., 2010-2011шш.).
Азгәаҭақәа
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа
Акатегориа:Аԥсны асахьаҭыхҩцәа
Акатегориа:Логәуаа
Акатегориа:1956 шықәсазы ииз
Акатегориа:Мшаԥымза 20 рзы ииз
|
3001
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Грызлов,_Борис_Виачеслав-иԥа
|
Грызлов, Борис Виачеслав-иԥа
|
Борис Виачеслав-иԥа Грызлов (; диит , Владивосток, СССР) — Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума адепутат.
Азхьарԥшқәа
Аофициалтә саит
Акатегориа:1950 шықәсазы ииз
Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 15 рзы ииз
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума 3-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума 5-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума аиҳабцәа
Акатегориа:Урыстәылатәи аполитикцәа
|
3002
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Чечентәыла
|
Чечентәыла
|
Чечентәыла (, ), аофициалтә хьӡы: Чечентәыла Ареспублика (, ) — Урыстәылатәи Афедерациа автономтә ҳәынҭқарра.
Аҳҭнықалақь — Грозныи.
Атерриториа
Атерриториа – .
Аланхо
Аҳәынҭқарра иаланхо .
Ақалақьқәа
Ақалақь Грозныи () Чечентәыла иаҳҭнықалақьуп.
Даҽа қалақьқәа:
Аргәын ()
Шьали ()
Урыс-Марҭан ()
Гәдармас ()
Азгәаҭақәа
Акатегориа:Урыстәылатәи Афедерациа ареспубликақәа
|
3005
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Жәыргьыҭ
|
Жәыргьыҭ
|
Жәыргьыҭ (, ) — ақалақь ахь Қырҭтәыла, ахь Агырны-Хыхьтәи Шәаны. Иаланхо имоуп.
Абара
Веб-камера Зугдиди
Аофициалтә cаит
Азгәаҭақәа
Акатегориа:Жәыргьыҭ
Акатегориа:Қырҭтәыла ақалақьқәа
|
3009
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аршба_(аҵакырацәара)
|
Аршба (аҵакырацәара)
|
Аршба
Платон Гамажлович Аршба- министр внутренних дел Абхазской ССР, генерал-майор милиции.
Аршба, Беслан Нури-иԥа
Валерии Аршба
Владимир Гиоргии-иԥа Аршба
Даур Джумкович Аршба
Марина Аршба
Отари Ионович Аршба
|
3011
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аршба,_Беслан_Нури-иԥа
|
Аршба, Беслан Нури-иԥа
|
Беслан Нури-иԥа Аршба — Гал араион ахадара аиҳабы.
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Арышаа
|
3014
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лабахәуа,_Алиас_Миха-иԥа
|
Лабахәуа, Алиас Миха-иԥа
|
Алиас Миха-иԥа Лабахәуа (, Аҟәа) — Аԥсны Аҳҭнықалақь Аҟәа ахадара аиҳабы.
Шәахә. иара убас
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Лабахәуаа
Акатегориа:1963 шықәсазы ииз
Акатегориа:Нанҳәамза 2 рзы ииз
|
3019
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аршба,_Валери_Шалва-иԥа
|
Аршба, Валери Шалва-иԥа
|
Валери Шалва-иԥа Аршба (; , Тҟәарчал, Аԥснытәи АССР) — Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы.
Азхьарԥшқәа
Акатегориа:1949 шықәсазы ииз
Акатегориа:Жьҭаарамза 4 рзы ииз
Акатегориа:Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩцәа
Акатегориа:КПСС алахәылацәа
Акатегориа:Арышаа
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
|
3022
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ашәба,_Роман
|
Ашәба, Роман
|
Роман Ашәба (, Тҟәарчал ақыҭа, Гал араион — , Кохора) — Тҟәарчал араион Кохора ақыҭа ахадара аусзуҩы. Гал араион аҟны дшьуп ().
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Ашәаа
Акатегориа:1955 шықәсазы ииз
Акатегориа:2008 шықәсазы иԥсыз
Акатегориа:Жьҭаарамза 26 рзы иԥсыз
|
3023
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ашәба_(аҵакырацәара)
|
Ашәба (аҵакырацәара)
|
Нугзар Нури-иԥа Ашәба
Роман Ашәба
Акатегориа:Аҵакырацәара
|
3029
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Акаба_(аҵакырацәара)
|
Акаба (аҵакырацәара)
|
Акаба
Акаба, Ахра
Акаба, Иурии Григори-иԥа
Акаба, Нателла Нури-иԥҳа
Акаба, Джозеф Майкл
Акатегориа:Акабаа
|
3031
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Акаԥҳа,_Наҭела_Нури-иԥҳа
|
Акаԥҳа, Наҭела Нури-иԥҳа
|
Наҭела Нури-иԥҳа Акаԥҳа (диит , Москва, СССР) — Аԥсны Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩы, аҭоурыхдырҩы, аполитолог, азинҭҵааҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ.
Абиографиа
Аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчараз ианықәԥоз аамҭазы лара активла даҿагылон ақырҭуа национализм. 1990ш. рзы лара далхын Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» Апрезидиум лахәылас. 1991ш. инаркны 1996 шықәсанӡа лара Аԥсны Ареспублика апарламент депутатс дыҟан, насгьы Ауаҩ изинқәа рыхьчарази амилаҭтәбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ирызкыз акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, жәларбжьаратәи аиԥыларақәа дрылахәын. 1994ш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыраҿы акьыԥхьи аинформациеи рминистрс дҟаҵан, ари аҭыԥ аанылкон лара 1995 шықәсанза. Наҭелла Акаба – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата маӡаныҟәгаҩыс аус луеит. Аԥсны аҳәса Рхеилак хантәаҩыс дамоуп, иҳәынҭқарратәым аиҿкаара «Адемократиеи ауаҩы изинқәеи рыхьчара ацентр» напхгара алҭоит.
Алитература
Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
Кавказ от кризиса к развитию: [конференция о перспективах укрепления стабильности на Кавказе]//Нужная газета. - 2000. - 16 июля, (№ 28). - С.8.
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Аԥсны Жәлар реизара 1-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа
Акатегориа:Акабаа
Акатегориа:Хәажәкырамза 6 рзы ииз
Акатегориа:1945 шықәсазы ииз
|
3037
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аԥсны_Жәлар_Реизара
|
Аԥсны Жәлар Реизара
|
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент - ихадоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә азакәанԥҵаратә усбарҭоуп. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент хәышықәса аҿҳәара рыҭаны иалху 35-ҩык адепутатцәа рыла ишьақәгылоуп.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс дыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы» Аконституциатә закәани инарықәыршәаны, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат истатус азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәани иазԥхьагәарҭо азакәанԥҵаратәии егьырҭ азинмчқәеи рынагӡаразы азинмчы змоу ажәлар рхаҭарнак.
Афункциақәа
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент:
1) иаднакылоит Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи;
2) иаднакылоит административ-дгьылҵакыратә ԥсахрақәа ирызку аӡбамҭақәа;
3) иазыӡырҩуеит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи, урҭ рымҩаԥгареи ирызку Аԥсны Ахада инашьҭымҭақәа;
4) иахәаԥшуеит егьышьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарра абиуџьет, уи анагӡарагьы хылаԥшра азнауеит;
5) иаднакылоит ашьауӷатә, ашьауӷа-усеилыргаратә, амҩақәҵаратә-џьатә, атәылауаҩратә, атәылауаҩра-усеилыргаратә, абжьаҟазаратәи даҽа закәанԥҵараки, аӡбареиҿкаареи апрокуратуреи ирызку азҵаарақәа;
6) имҩаԥнагоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи реилыркаара;
7) ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳамҭақәеи, аҳаҭыртә, арратә хьӡалкаақәеи;
8) ишьақәнарӷәӷәоит, ишыԥнарго рыланаҳәоит Аԥсны аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;
9) иалнахуеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи;
10) амаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит, азакәан инақәыршәаны Аԥсны Ахада иқәиргыло;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Ахантәаҩы;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хадеи ихаҭыԥуааи;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата Ахантәаҩы, уи ихаҭыԥуаҩ;
11) рмаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аудиторцәа хҩык;
12) иаднакылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара хазы игоу иалахәцәа рыгәрамгара рылаҳәара иазку аӡбамҭа;
13) Аԥсны Ахада ахара иднаҵоит уи имаҵура нижьразы;
14) ирыланаҳәоит амнистиа;
15) иаӡбоит аибашьра рылаҳәареи аинышәара рыбжьаҵареи ирызку азҵаатәқәа;
16) иаӡбоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыламкьысра азҵаатәқәа;
17) иаӡбоит иҷыдоу аҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи ралагалара ахьынӡазинрку;
18) инанагӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи иирыднаҵо егьырҭ азинмчқәа.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аилакқәа
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент иамоуп есқьынагьтәи абарҭ Аилакқәа ааба:
– Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак;
– Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак;
– Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы аилак;
– Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак;
– Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы аилак;
– Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, амассатә информациа ахархәагақәа русуреи рзы аилак;
– Акультуреи, аҿари аспорти русқәеи рзы аилак;
– Жәларабжьаратәи апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак;
– Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак.
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабцәа
1) Џьынџьал Сократ Рач-иԥа — I - II-тәи ааԥхьара (1994-2002 шш.)
2) Ашәба Нугзар Нури-иԥа — III - IV-тәи ааԥхьара (2002-2012 шш.)
3) Бганба Валери Рамшьыхә -иԥа — V-тәи ааԥхьара (2012-2017 шш.)
4) Кәарҷиа Валери Еремеи-иԥа — VI-тәи ааԥхьара (2017-2022 шш.)
5) Ашәба Лаша Нугзар-иԥа – VII -тәи ааԥхьара (2022 ш.)
IV-тәи ааԥхьара Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламента адепутатцәа руак
# Алхратә округ Адепутат Affiliation Notes1Аҟәа Ҭалих Ҳәатышь2Аҟәа Сенер Гогәуа3Аҟәа Рита Лолуа4Аҟәа Баҭал Кобахиа5Аҟәа Лев Шамба6Аҟәа Ирина АгрбаАиҳабы ихаҭыԥуаҩ7Аҟәа Павел Лешьук8ПиҵундаРоман Бениа9Бзыԥ Валерии Бганба10Гагра Амра Агрба11Гагра Валерии Кондаков12Цандрыԥшь Валерии Маиромиан13OtkhuraГаррик Саманба14Дәрыԥшь Гәрам Гәмба15Лыхны Михаил Сангәлиа16Гәдоуҭа Владимир Начач17АацыВиачеслав ЦыгәбаАиҳабы ихаҭыԥуаҩ18Афон ҾыцВиталии Смыр19Йашыра Лев Аҩыӡба20Гәымсҭа Альберт ОвсепианАиҳабы ихаҭыԥуаҩ21Баслаҭа Валерии Кәарҷиа22PshapСергеи Матосиан23MacharaВиктор Висилиов24Дранда Адгәр Харазиа25BeslakhubaИурии Зыхәба26Ҷлоу Заур Адлеиба27Кәтол Нугзар АшәбаАиҳабы 28АҭараҬемыр Кәыҵниа29Очамчыра Беслан Џьопуа30Тҟәарчал Даур Аршба31Тҟәарчал Алеқсандр Ченгелиа32УақәымЕмма ГамсаниаElected in by-election after the death of Омар Кәарҷиа33ҶубурхьынџьИурии Кереселидзе34Гал Виачеслав Ҩардан35ShashikvarБежан Убириа
Абара
|
3038
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аҩӡба_(аҵакырацәара)
|
Аҩӡба (аҵакырацәара)
|
Аҩӡба, Адгәыр Владимир-иԥа
Аҩӡба, Азиз Кучка-иԥа
Аҩӡба, Азиз Ҟасеи-иԥа
Аҩӡба, Алеқсандр Џьамал-иԥа
Аҩӡба, Алиас
Аҩӡԥҳа, Алиса
Аҩӡԥҳа, Алла Оҭар-иԥҳа
Аҩӡԥҳа, Амина
Аҩӡба, Анатоли Еснаҭ-иԥа
Аҩӡба, Анатоли Захар-иԥа
Аҩӡба, Анатоли Мкан-иԥа
Аҩӡба, Ардашьыл Мыстафа-иԥа
Аҩӡба, Аркади Кәыта-иԥа
Аҩӡба, Аслан Фазлыбеи-иԥа
Аҩӡба, Асҭамыр Виссарион-иԥа
Аҩӡба, Ахра Руслан-иԥа
Аҩӡба, Бадраҟ
Аҩӡба, Баҭал
Аҩӡба, Биулент
Аҩӡба, Вадим Муса-иԥа
Аҩӡба, Валери Борис-иԥа
Аҩӡба, Валери Григори-иԥа
Аҩӡба, Виқтор Владимир-иԥа
Аҩӡԥҳа, Викториа
Аҩӡба, Виталик Алеқсандр-иԥа
Аҩӡба, Владимир Џьамал-иԥа
Аҩӡба, Гули Тиш-иԥҳа
Аҩӡба, Гьаргь Тофик-иԥа
Аҩӡба, Даҭа Аазиз-иԥа
Аҩӡба, Даҭикәа Кәыт-иԥа
Аҩӡба, Даур
Аҩӡба, Заабеҭ Џьгәаҭ-иԥа
Аҩӡба, Заур Ниаз-иԥа
Аҩӡба, Заур Ҳақы-иԥа
Аҩӡба, Зоиа Сардион-иԥҳа
Аҩӡба, Ибрагим
Аҩӡба, Иуана Сандра-иԥа
Аҩӡба, Камшьышь Дадын-иԥа
Аҩӡба, Качубеи
Аҩӡԥҳа, Лаура
Аҩӡба, Лаша
Аҩӡба, Лев
Аҩӡба, Лев Ҳаџьараҭ-иԥа
Аҩӡба, Леонид Мсурат-иԥа
Аҩӡԥҳа, Леонида
Аҩӡба, Леуард Анатоли-иԥа
Аҩӡба, Луман Мышь-иԥа
Аҩӡԥҳа, Мадина
Аҩӡба, Манча Шьаиб-иԥа
Аҩӡба, Маџьыҭ Камыгә-иԥа
Аҩӡԥҳа, Мери Ҳафиз-иԥҳа
Аҩӡба, Митҳаҭ
Аҩӡԥҳа, Наала Беслан-иԥҳа
Аҩӡба, Наварбеи Кьыч-иԥа
Аҩӡба, Назыбеи Камшьышь-иԥа
Аҩӡба, Назым Кьаамын-иԥа
Аҩӡба, Нарчоу
Аҩӡба, Нури Пшькан-иԥа
Аҩӡба, Нурчик
Аҩӡԥҳа, Оксана
Аҩӡба, Рауф Владимир-иԥа
Аҩӡба, Роман Закан-иԥа
Аҩӡԥҳа, Руслана Аслан-иԥҳа
Аҩӡба, Саид Кәыт-иԥа
Аҩӡба, Сергеи Ҳригори-иԥа
Аҩӡԥҳа, Сира
Аҩӡԥҳа, Стелла Владимир-иԥҳа
Аҩӡба, Сулҭан Камшьышь-иԥа
Аҩӡԥҳа, Тома
Аҩӡԥҳа, Ҭамара Арзамеҭ-иԥҳа
Аҩӡба, Ҭемыр Кадыр-иԥа
Аҩӡба, Ҭенгиз Алхас-иԥа
Аҩӡба, Таҷ Даҳаир-иԥа
Аҩӡба, Уасил Шамон-иԥа
Аҩӡба, Фазлыбеи Лизбер-иԥа
Аҩӡба, Фатима
Аҩӡԥҳа, Фениа Михаил-иԥҳа
Аҩӡба, Фридон Ҷаҷа-иԥа
Аҩӡба, Харитон Ахмаҭ-иԥа
Аҩӡԥҳа, Хаџьера Ҳафиз-иԥҳа
Аҩӡба, Хьыцкәыр Шьаадаҭ-иԥа
Аҩӡԥҳа, Хьыкәыр
Аҩӡԥҳа, Хәыта Ҭуҟан-иԥа
Аҩӡба, Ҳақы Луман-иԥа
Аҩӡба, Ҳасан
Аҩӡба, Шамел Џьгәаҭ-иԥа
Аҩӡба, Шьаақьыр Кәатат-иԥа
Аҩӡба, Ярослав Мкан-иԥа
Акатегориа:Аҵакырацәара
|
3039
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кәыҵниа_(аҵакырацәара)
|
Кәыҵниа (аҵакырацәара)
|
Кәыҵниа, Леуарса Бида-иԥа
Кәыҵниа-ԥҳа, Гәында Сергеи-иԥҳа
Кәыҵниа, Алхас Алықьса-иԥа
Кәыҵниа, Сергеи Михаил-иԥа
Кәыҵниа, Никәала Ҭарашь-иԥа
Кәыҵниа, Адгәыр
Кәыҵниа, Алексеи
Кәыҵниа, Асҭамыр
Кәыҵниа, Беслан
Кәыҵниа-ԥха, Зоиа
Кәыҵниа, Мадонна
Кәыҵниа, Мераб Ушьанг-иԥа
Кәыҵниа, Саид
Кәыҵниа, Ҭемыр
Фатима Аҩыӡба – Кәыҵниа
Гиви Квициния
Гурам Квициния
Нонна Квициния
|
3044
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аҩӡба,_Лев_Арзаабеи-иԥа
|
Аҩӡба, Лев Арзаабеи-иԥа
|
Лев Арзаабеи-иԥа Аҩӡба — (; , Ешыра, Аԥснытәи АССР — , Сҭампыл, Ҭырқәтәыла) — Аԥсны Жәлар Реизара адепутат (2007-2012 ш.), Аҟәа араион аиҳабы (1993-2003 ш.).
Азхьарԥшқәа
Выставка и конференция в память о Льве Авидзба пройдут в Стамбуле - Спутник-Абхазия.
Акатегориа:Аԥсны Жәлар реизара 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Аҩӡаа
Категория:Акзаара
Акатегориа:1953 шықәсазы ииз
Акатегориа:Ажьырныҳәамза 1 рзы ииз
Акатегориа:2018 шықәсазы иԥсыз
Акатегориа:Ԥхынгәымза 25 рзы иԥсыз
|
3060
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Цыгәба,_Виачеслав_Михаил-иԥа
|
Цыгәба, Виачеслав Михаил-иԥа
|
Виачеслав Михаил-иԥа Цыгәба — Аԥсны Ацентртә Алхратә Комиссиа ԥасатәи ахантәаҩы (1999 ш.); Аԥсны ԥасатәи аԥыза-министр (ԥхынҷкәын 20, 1999 ш. – лаҵара 30, 2001 ш.). Аԥсны Жәлар Реизара адепутат; Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. Диит .
Абара
Азгәаҭақәа
Акатегориа:1944 шықәсазы ииз
Акатегориа:Ажьырныҳәамза 1 рзы ииз
Акатегориа:Аԥсны аԥыза-министрцәа
Акатегориа:Аԥсны Жәлар реизара 3-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Аԥсны Жәлар реизара 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатцәа
Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу Ахеилак 10-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу Ахеилак 11-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Акзаара
Акатегориа:Цыгәаа
|
3064
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кәарҷиа,_Омар
|
Кәарҷиа, Омар
|
Омар Кәарҷиа (1962, Тҟәарчал ақ., Аԥснытәи АССР, СССР — рашәарамза 10 2008, Аҟәа, Аԥсны) — аекономикатә наукақәа дркандидатуп, Аԥсны астолтә теннис афедерациа дапрезидентын, Урыстәыла Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа иатәу Академиаҿы иҵара хиркәшон. 4–ҩык ахәҷқәа драбуп. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат (2007 ш., Уақәымтәи алхратә округ № 32, Тҟәарчал араион), абиуџьети, акредиттә наплакқәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы. 2008 ш. рашәарамза 10 рзы, иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Абара
Акатегориа:Аԥсны Жәлар реизара 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа
Акатегориа:Кәарҷиаа
Категория:Тҟәарчал араион
Акатегориа:1962 шықәсазы ииз
Акатегориа:2008 шықәсазы иԥсыз
Акатегориа:Рашәарамза 10 рзы иԥсыз
|
3066
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лолуа_(аҵакырацәара)
|
Лолуа (аҵакырацәара)
|
Лолуа, Леонид
Лолуаԥҳа, Лиудмила
Лолуа, Михаил
Лолуа, Рауль
Лолуаԥҳа, Рита
Лолуа, Рудольф
|
3067
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Чачба_(аҵакырацәара)
|
Чачба (аҵакырацәара)
|
Чачба
Чачба (ажәла)
Чачба, Алеқсандр Константин-иԥа
Чачԥҳа, Алеқсандра Гьаргь-иԥҳа
Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа
Чачба, Гьаргь Дырмит-иԥа
Шервашиӡе-Чачба, Гьаргь Михаил-иԥа
Чачба, Дардын Дотагод-иԥа
Чачба, Дырмит Алексеи-иԥа
Чачба, Зегнак
Чачба, Зураб Манча-иԥа
Чачба, Карабеи Бослакәа-иԥа
Чачба, Константин Гьаргь-иԥа
Чачба, Қьалышь Аҳмаҭбеи Манча-иԥа
Шервашиӡе-Чачба, Лео Алексеи-иԥа
Чачба, Манча
Еристави-Шервашиӡе, Мери
Шервашиӡе-Чачба, Михаил Леуан-иԥа
Чачба Никита Гьаргь-иԥа
Чачба, Омарбеи Сафарбеи-иԥа
Чачба, Отаӷо
Чачба, Пракопи Леуан-иԥа
Чачба, Путо Бослакәа-иԥа
Чачба, Рабиа Аргунаи-иԥа
Чачба, Росҭом Зегнак-иԥа
Чачба, Сафарбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа
Чачба, Сетеман Путо-иԥа
Чачба, Сустар
Чачба, Ҳамуҭбеи Сафарбеи-иԥа
Азхьарԥшқәа
Юрий Чиковани - Род абхазских князей Шервашидзе, Қарҭ, 2007. ISBN 978-99928-0-964-8
|
3070
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Бганба_(аҵакырацәара)
|
Бганба (аҵакырацәара)
|
Бганба
Валерии Бганба
Виталии Бганба
Тимур Бганба
Джамбул Бганба
Хухут Бганба
Бганба, Шамил Камшьышь-иԥа
|
3071
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гогәуа_(аҵакырацәара)
|
Гогәуа (аҵакырацәара)
|
Гогәуа, Алықьса Ноча-иԥа
Руслан Гогәуа
Сенер Гогәуа
Тимур Гогәуа
|
3074
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гаисанов,_Рашид
|
Гаисанов, Рашид
|
Рашид Гаисанов (, диит , Гамурзиево, Чечен-Ингуштәи АССР) — Ингәыштәыла аиҳабыра ахантәаҩы (2008 ш.).
Азхьарԥшқәа
Гайсанов Рашид Яхьяевич - Абиографиа, Кавказский узел
Акатегориа:Урыстәылатәи аполитикцәа
Акатегориа:Ингәыштәыла аԥыза-министрцәа
Акатегориа:Аингәышцәа
Акатегориа:1972 шықәсазы ииз
Акатегориа:Цәыббрамза 17 рзы ииз
|
3085
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Исаев,_Магомеҭ_Измаил-иԥа
|
Исаев, Магомеҭ Измаил-иԥа
|
Магомеҭ Измаил-иԥа Исаев (, ; , Лескен, Нхыҵ Уаԥстәылатәи АССР — , Москва, Урыстәыла) — Асовет, аурыс лингвист.
Азхьарԥшқәа
obit: Магомет Измайлович Исаев (1928-2011) - Источник: Осетинское радио и телевидение; Пресс-служба Постоянного представительства РСО-Алания при Президенте РФ.
Акатегориа:Урыстәылатәи алингвистцәа
Акатегориа:Асовет лингвистцәа
Акатегориа:1928 шықәсазы ииз
Акатегориа:Хәажәкырамза 5 рзы ииз
Акатегориа:2011 шықәсазы иԥсыз
Акатегориа:Рашәарамза 21 рзы иԥсыз
|
3086
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гыцба,_Алиса
|
Гыцба, Алиса
|
Алиса Гыцба, Алиса Шалва-иԥҳа Гыцба (Ԥхынҷкәынмза 5, 1970, Аҟәа) — Москватәи атеатр „Геликон-опера“ асолист, Аԥсны жәлар рартист, Урыстәыла Афедерациаҟны артист. Алиса Гыцба хыԥхьаӡара рацәала жәларбжьаратәии урыстәылатәии аоператә конкәрсқәеи афестивальқәеи дрлауреатуп, убарҭ рхыԥхьаӡараҟны Валерии Гергиев инапхгарала Владикавказ имҩаԥысуаз „Кавказ аҭынчра“ афестиваль.
Акатегориа:Аԥсны ашәаҳәаҩцәа
Акатегориа:Урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа
Акатегориа:1970 шықәсазы ииз
Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 5 рзы ииз
Акатегориа:Гыцаа
|
3091
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гыцба_(аҵакырацәара)
|
Гыцба (аҵакырацәара)
|
Гыцба, Алиса Шалва-иԥҳа
Гыцба, Зураб
Гыцба, Хамзат
Гыцба, Шалва
|
3094
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гәымба_(аҵакырацәара)
|
Гәымба (аҵакырацәара)
|
Гәымба, Адгәыр
Гәымба, Гәрам
Гәымба, Иулиа
Гәымба, Ражьден
Гәымба, Сухран
|
3103
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Арӡынба_(аҵакырацәара)
|
Арӡынба (аҵакырацәара)
|
Арӡынаа
Арӡынба, Алексеи Уасил-иԥа
Арӡынба, Виачеслав Сергеи-иԥа
Арӡынба, Владислав Григори-иԥа — Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада (1994–2005), Амилаҭтә Фырхаҵа;
Арӡынба, Григори Шагәа-иԥа
Арӡын-ԥха, Мария Кәыкәын-иԥҳа
Арӡынба, Леонид Басиаҭ-иԥа
Арӡынба, Сергеи Константин-иԥа
Арӡынба, Салыбеи Зосим-иԥа
Арӡынба, Иури Константин-иԥа
Арӡынба, Заур Джото-иԥа
Арӡынба, Геннади Леонтиев-иԥа
Арӡынба, Павел Харитон-иԥа
Арӡынба, Ҭаифун Наим-иԥа
Арӡынба, Џьамалеҭин Осман-иԥа
Арӡынба, Адгәыр Амиран-иԥа
Арӡынба, Инал Баҭу-иԥа
Арӡынба, Дмитрии Григор-иԥа
Арӡынба, Алмасхан Зураб-иԥа
|
3105
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Маҳадыр
|
Маҳадыр
|
Маҳадыр () — Аԥсны иҟоу ақыҭа.
Аланхо
Араион иаланхо – .
Маҳадыр ақыҭа ахадара
Георгии Хорозиан
Аҳабла
Абара
Переписи населения Абхазии 1886, 1926, 1939, 1959, 1970, 1979, 1989, 2003
Ахьарԥшқәа
Акатегориа:Гагра амуниципалитет ақыҭақәа
Акатегориа:Гагра араион ақыҭақәа
|
3112
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Набакьиа
|
Набакьиа
|
Набакиа — Гал араион ақыҭа.
Аланхо
Набакиа ақыҭа ахадара
Нани Қардаа
Аҳабла
Абара
Переписи населения Абхазии 1886, 1926, 1939, 1959, 1970, 1979, 1989, 2003
Акатегориа:Гал араион ақыҭақәа
|
3115
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кәаӷәаниа_(аҵакырацәара)
|
Кәаӷәаниа (аҵакырацәара)
|
Кәаӷәаниа, Валентин Асҭамир-иԥа
Кәаӷәаниа, Беслан
Коӷониа, Иуа Абас-иԥа
Кәаӷәаниа, Лауренс
Кәаӷәаниа-пҳа, Римма
Кәаӷәаниа, Леон Роберт
Кәаӷәаниа, Алексеи Чичик-иԥа
Кәаӷәаниа, Лена
Кәаӷәаниа, Лорика
|
3118
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Тарпишьев,_Шамиль
|
Тарпишьев, Шамиль
|
Шамиль Тарпишьев (, ; , Москва, СССР) — Урыстәыла Атеннис Афедерациа ипрезидент.
Азхьарԥшқәа
Акатегориа:Аҭаҭарцәа
Акатегориа:Урыстәылатәи аспортсменцәа
Акатегориа:1948 шықәсазы ииз
Акатегориа:Хәажәкырамза 7 рзы ииз
|
3122
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Затулин,_Константин_Фиодор-иԥа
|
Затулин, Константин Фиодор-иԥа
|
Константин Фиодор-иԥа Затулин (; Диит , Баҭым, Аҷартәылатәи АССР) — Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума афракциа „Единая Россия“ адепутат. .
Азхьарԥшқәа
Аофициалтә саит
Акатегориа:1958 шықәсазы ииз
Акатегориа:Цәыббрамза 7 рзы ииз
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума 1-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума 5-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума 7-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума 8-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Акатегориа:Урыстәылатәи аполитикцәа
|
3124
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Погосов,_Андреи
|
Погосов, Андреи
|
Андреи Погосов (; диит Уатаԥ, Аԥсны Аҳәынҭқарра) — Аԥсны асамбои аӡиудои р-Федерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ. Азыҟаҵаҩуп.
Азхьарԥшқәа
На "Кубок Победы": XVII Международный турнир по самбо пройдет в Новом Афоне
Акатегориа:Аԥсны ақәԥаҩцәа
Акатегориа:1990 шықәсазы иԥсыз
|
3125
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Погосов_(аҵакырацәара)
|
Погосов (аҵакырацәара)
|
Погосов, Алексеи Иури-иԥа
Погосова, Анастасиа
Погосов, Андреи
Погосов, Артиом Карп-иԥа
Погосов, Валери Иури-иԥа
Погосов, Гьаргь Вадим-иԥа
Погосов, Дмитри
Погосов, Сергеи Лазар-иԥа
|
3127
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Џьуӷьелиа,_Осман
|
Џьуӷьелиа, Осман
|
Осман Џьуӷьелиа (; диит Бзыԥ, Аԥсны Аҳәынҭқарра) — апсуа қәԥаҩ (65 килограмм рҟынӡа).
Азхьарԥшқәа
Трое абхазских спортсменов завоевали путевки на чемпионат России по вольной борьбе - Sputnik Абхазия.
Акатегориа:Аԥсны ақәԥаҩцәа
Акатегориа:1990 шықәсазы ииз
|
3135
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Бениа
|
Бениа
|
Асҭамыр Бениа
Роман Бениа
Џьансыхә Бениа
Ардашил Бениа
Джарнас Бениа
Леван Бениа
Акатегориа:Аҵакырацәара
|
3136
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Еныкь_(аҵакырацәара)
|
Еныкь (аҵакырацәара)
|
Еныкь, Аслан
Еныкь, Асҭамыр
Еныкь, Григори
Еныкь, Леонид Шамел-иԥа
Еныкь, Рауль
Еныкь, Хаджи Руслан
|
3138
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Қардаа_(аҵакырацәара)
|
Қардаа (аҵакырацәара)
|
Қардаа, Алхас
Қардаа, Нани
Қардаа, Роман
Қардаа, Бачуки
Акатегориа:Қардаақәа
|
3145
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Искандер,_Фазиль_Абдул-иԥа
|
Искандер, Фазиль Абдул-иԥа
|
Фазиль Абдул-иԥа Искандер (, ; , Аҟәа, ССР Аԥсны — , Переделкино, Москва, Урыстәыла) — Асовет, Аԥсуа шәҟәҩҩы, аурыс прозаик, ажурналист, апоет, асценарист, ауаажәларратә усзуҩы. 1957 ш. инаркны СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла. Асовет шәҟәыҩҩцәа реидгыла Аревизиатә комиссиа хада далахәын. (1986-1991 ш.). СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгарҭа анапхгара ацхантәаҩы (1991), СССР Жәлар рдепутат Аԥснытәи АССР аҟнытә (1989-1992), УА Ахада иҟны иҟоу Урыстәыла Аҳәынҭқарратә премиақәа, ауаҩы изинқәеи ишаҭареи рзы, акультуреи аҟазареи ирызку ахеилак азы акомиссиа рлахәыла. (РАЕН) (1995), Урыстәылатәи аҟазара академиеи (1995) Ихьыԥшым аҟазара. Аестетикеи зхы иақәиҭу аҟазарақәеи ихьыԥшым ракадемиа (1995), ҵабыргылатәи алахәыла, ЕАА Норвичтәи ауниверситет ҳаҭыр зқәу адоктор, Бавариатәи асахьаркыратә ҟазарақәа ракадемиа алауриат, алахәыла (Германиа).
Диит аџьам-аԥсуа ҭаацәараҿы; иаб 1938 ш. азы СССР аҟынтә адепортациа изуын. 1947 ш. азы Фазиль Искандер далгоит Аҟәатәи аурыс школ хьтәы медалла, дагьҭалоит Москватәи абиблиотекатә институт, 1951 ш. азы диасуеит А.М. Горьки ихьӡ зху Алитературатә институт ахь, далгоит 1954 ш. азы. Аус иуан Курски Воронежи агазетқәа рҿы, 1956 ш. азы дхынҳәуеит Аҟәаҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәшаҿы аус иуан редакторс. Аҭаацәара даналала нахыс, еснагь Москва дынхон.
Раԥхьатәи ипоезиатә ԥҵамҭақәа 1952 шықәса акьыԥхь рбеит, уи ашьҭахь 1956 ш. ипрозатә рҿиамҭақәа цәырҵит ажурнал «Пионер» аҿы. Ф. Искандер раԥхьаӡатәи урысшәала иажәеинраалақәа реизга «Горные тропы» ҭыҵит 1957 ш. азы Аҟәа. 1962 ш. ажурнал «Юность» аҿы икьыԥхьын ҩ-жәабжьк. Иҩымҭақәа икьыԥхьуан ажурналқәа «Литературная Абхазия», «Новый мир», «Неделя». 1966 ш. ажурнал «Новый мир» аҿы икьыԥхьын ашәҟәыҩҩы идибиуттә повест «Созвездие Козлатура», ари Искандер асовет шәҟәыҩҩцәа рыҩныҵҟа раԥхьагылара изҭаз ҩымҭоуп. 1979 ш. ашәҟәыҩҩы ацензура иаҵанамкуаз альманах «Метрополь» далахәын (аповест «Маленький гигант большого секса» ала), иҭыҵит ЕАА, уи ашьҭахь 1980 ашықәсқәа рзынӡа џьаргьы ирымкьыԥхьӡеит. Аиҭакра ду аамҭақәа рзы ашәҟәыҩҩы ԥасатәи иҩымҭақәеи иҩымҭа ҿыцқәеи активла рҭыжьра иалагеит, иара убас иҭыжьын антиутопиа ажанр алы иҩу ифилософиатә лакә «Кролики и удавы» (1987), ироман-епопеиа Сандро Чегьемтәи), уб.егь.
мини|Асахь. Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, алитературеи аҟазареи рҿы Фазиль Искандер (арымарахь) 2014 ш. рашәарамза 12
1990-тәи ашықәс аҩныҵҟала иҭыҵит иҩымҭақәа ԥшь-томк (Москва, 1991) ф-томк (Харьков 1997) ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа реизга. 2000 ашықәсқәза рылагамҭазы иҭыҵуан Искандер иҩымҭа ҿыцқәа «Ночной вагон», «Где зарыта собака», иара убас иҭыжьын иҩымҭақәа реизга жәа-томк. Искандер иҩымҭақәа ирылхны изныкымкәа акиносахьақәа ҭырхуан, иара убас атеатр аҿы иқәдыргылон.
Лассы-ласс асиужетқәа рҿы иуԥыло Ф. Искандер ипрозагьы ипоезиагьы аперсонажцәа ауаҩышәара ҵаула еиднакылоит. Урҭ ахҭысқәа зегьы Аԥсны имҩаԥысуеит (Мухус-Сухум, Чегьем). Искандер «сара хымԥада соурыс шәҟәыҩҩуп» ҳәа ихы иазиҳәеит, аха уи иҩымҭақәа зегьы рҿы Аԥсны дазышәаҳәон». Аханатә узырччо Ф. Искандер иҩымҭақәа алаф инаркны улахь еиқәызҵо аирониаҟынӡа аџьбароу асарказм адраматизми атрагедиареи еидыркылоит. Ф. Искандер ипрозаҿы иуԥыло ақьырсиан мотивқәа амилаҭтә мифологиеи аепоси рыла еиларсуп аԥсуа лакәқәеи алегьендақәеи астилизациа рзурала. Искандер иессеистика акагьы иалаҩашьаӡом иажәамаанеи, иафоризмқәеи ирыбзоураны.
Ф. Искандер ианашьан Урыстәылеи Аԥсни аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, СССР Аҳәынҭқарратә премиа (1989) УА Аҳәынҭқарратә премиа (1993), А.Д. Сахаров ихьӡ зху «За мужество в литературе» апремиа (1991), А. Тепфер ифонд Пушкин ихьӡ зху апремиа (1992), апремиа «Золотой Остап», «Триумф» (1998), УАА (РАН) «XX ашә. Аурыс литература ашедеврқәа» апремиа, Урыстәыла акультураҟны алагаламҭа ду азы (2003), уҳәа уб. иҵ. 2011 ш. азы ианашьан Л.Н. Толстои ихьӡ зху алитературатә премиа «Ясная Поляна», иара убас «Иалкаау иҩымҭақәа рзы» Урыстәыла аиҳабыра рыпремиа ианашьан. Нобель ихьӡ зху алитературатә премиа алауриатра азы ҩынтә аноминациаҟны дықәгдыргылахьан. (2012 ш. азы – Москва Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ала, 2013 ш. азы – ашәҟәыҩҩы Андреи Битов ила)..
Абиографиа
Ахәыҷреи ақәыԥшреи (1929–1947)
Ԥхьаҟа ишәҟәыҩҩ духараны иҟаз ашәҟәыҩҩы иабду – Ибрагим Искандер, шьҭрала Ирантәын, Аҟәаҟа дааит XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы. Акыр амал змаз дырхылҵышьҭран азы уи илшеит ахашәала бзиа змаз ақьармыт зауад ашьақәыргылара. Ибрагим иԥшәма ԥҳәыс Хамсада Агрба даԥсыуан, 1903 ш. азы аҭаацәара зегь рзы иргылоит аҩны, уи аӡбахә Фазиль Искандер иҩымҭақәа рҿы акырџьара иҳәоит. Урҭ рҭаацәара рҿы еиқәханы иҟоуп Аҟәырҟан зны рыԥсадгьыл хәыҷ аҟынтә иаагаз. Ибрагим ԥшьҩык аԥацәа иман, урҭ реиҳабы Абдул ихьӡиҵеит. Ареволиуциа анаҩс, Абдул Искандер иҭаацәатә наплакы ицәыӡуеит аҟнытә, еиуеиԥшым амҵзурақәа ныҟәигоит, ԥасатәи ақьырмыт зауад аҿгьы. Асоветтә тәылауаҩра идимкылаӡеит. Абдул хатә ԥҳәысс дигоит Лели Ҳасан-иԥҳа Мишьелиаԥҳа. Џьгьарда (Чегьем, арахь нхара иааз лҭынхацәа ахьеиланхоз). Ари аҭаацәар мезалианс ҭаацәаран, еиқәнагомызт рҳәон. Лели Мишьелиаԥҳа аҵара лымамызт, хәахәҭҩын, ақалақьтә ԥсҭазаара бзиа илбомызт. Х-ҩык ахшара лыман: лԥеиҳаб Фиридун, лыԥҳа Гьиули, лԥа еиҵыб Фазиль (заатәи адокуметқәа рҿы Фазыльбеи ҳәа дануп). Аиразы аршаҳаҭгаҿы аҟәатәи ашәҟәҭаҩырҭа (АТӘҬА) аиҳабы усҟан иҵарадаз, ахәбатәи аграфа «персюк» ҳәа ианиҵеит. Анаҩс, Искандер-аиҵбы еиуеиԥшым адокументқәа рҿы аџьам, (аиран) ҳәа данырҵон, иреиҳау аҵараиурҭа аҭалараан ауп уи идокументқәа рырҽеира анилша, уи нахыс аԥсуа ҳәа ашәҟәы данын.
1938 ш. рзы атрагедиа ҟалеит: Фазиль иаб атәымтәылауаҩ ҳәа Иранҟа дахыргеит. Уа аихамҩаҿы аус иуан, уарла-шәарла Аҟәаҟа иҭаацәа акы рзааишьҭлон; иԥсҭазаара дшалҵыз азы адырра роуит 1956 ш. Ҩыџьа иаб иашьцәа СССР атәылауаҩра змаз, ырбаандаҩын, иҭахеит алагерқәа рҿы. Абдул Искандер уаҩеиԥхьыттак иакәын, адепортациа изыруаанӡа иусура ицәыӡит, иҭаацәа ақыҭантәи рыуацәа ирырҭоз ацхыраарала, ақалақь аҿы ирымаз аҩны ҩ-уаҭахк қьырала ирыҭо рхы ныҟәыргон. Ани ахәыҷқәеи дрыцынхон зхызтәымыз раншьа. Фазиль ихәыҷра ақалақь аҿы имҩасит, ахәыҷбаҳчахьгьы дныҟәон, усҟан ахәыҷбаҳчақәа рацәамызт Аԥсны. Аԥсшьараан ахәыҷқәа рыуацәа рахь ақыҭахь ирышьҭуан, 1942 ш. аибашьра азы ауп Фазильи, иани, иаҳәшьа Гьиулии Чегемҟа ианаа, ара қьырала ауаҭах рган, аколхоз аҟынтә адгьылгьы рырҭеит ауҭра аҟаҵаразы. Ишырҳәо ала, Фазиль дахьеиҵбыз азы ихы даужьын, аус хьанҭақәа идырҟаҵомызт. Уи иабзоураны «мчыла абзазаратә уадаҩрақәа дрылагаламызт» аҭаацәаратә традициақәагьы дырцәыхарашәа дҟалеит. Фазиль ашәҟәыԥхьарахь имаз агәбылра заа иааԥшит (фы-шықәса ихыҵуан ашкол ахь данцоз), уи еиԥшны урысшәалагьы аԥсышәалагьы дцәажәон. Ибиографцәа ишырҳәо ала, аурыс школ дҭарҵеит, ашкол аҩны иахьазааигәаз азы, насгьы 1930 ш. азы иинтернационалтәыз Аҟәа ақалақь аԥсуа бызшәа рацәак ҳаҭыр амамызт. Ашкол аҿы аурыс бызшәеиԥш, ақырҭшәагьы ддырҵон, аха Искандер уи абызшәа зегь акоуп имҵаӡеит.
Фазиль уи аамҭазы ахәыҷқәа зегьы зыԥхьоз ахәыҷтәы шәҟәқәа дрыԥхьон: Жиуль Верн, Конан Доил, Маин Рид, ажурнал «Вокруг Света» аҟнытә ажәабжьқәа бжьыҭгала ашҭаҿы дрыԥхьон. Ақыҭаҿы аԥсшьарамшқәа раан иаҳәшьцәа руаӡәк ақалақь аҟынтә иаалгеит Шекспир итомқәа руак, усҟан жәашықәса зхыҵуаз Искандер арҭ акомедиақәа анырра дуӡӡа ирҭеит. 13 шықәса анихыҵуаз «Анна Каренина» даԥхьеит, ақыҭаҩны аҟны имԥыхьашәан. Ашкол аҿы иҵара жәаҩа шықәса иҭаӡеит: амилаҭтә республикақәа рҿы аҵара ацикл жәеиза шықәса аман, иара шықәсык ицәыӡит аибашьра иахҟьаны. Уи аамҭа иалагӡаны Фазиль Аҟәа х-школк иԥсахит: № 1, № 2, № 4; 1945 ш. азы акомҿар еидгыла далалоит.
Иреиҳаӡоу аҵара. Аусура аихшарала (1947–1956)
1947 ш. азы Фазиль ашкол хьтәы медалла даналга, Москваҟа дцоит иԥсҭазаара агуманитартә хырхарҭа, еиҳаракгьы, алитература иадиҳәалар иҭахын аҟнытә иреиҳаӡоу аҵара аиуразы.
Москватәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭа дышҭалоз аҭоурых еиҭеиҳәоит акыр шықәсқәа рышьҭахь иажәабжь «Алагамҭа» аҟны, уа афилософиатә факультет МАУ (МГУ) дҭаларц шиҭахыз атәы иҳәоит. Аха аҵыхәтәан дҭалоит Абиблиотекатә институт ԥшьышықәса аҵара ацикл змаз. Аинститут Химки иҟан, уаҟа аҵара ицырҵон анаҩсан ипоетхаз Зори Иахнин, Васили Василев. Аинститут данҭаз ашықәсқәа раан Ф. Искандер раԥхьаӡакәны апрофессионалла апоезиа напы аиркит.
Хышықәса абиблиограф изанааҭ ала аҵара ашьҭахь, Фазиль Искандер аҵыхәтәантәи акурс аҿы Алитературатә институт ахь диасуеит, арҿиаратә конкурс далахәхоит иажәеинраалақәа рцикл ала, уи иацын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа ррекомендациагьы. 1952 ш. нанҳәамза 31 рзы Искандер аҩбатәи акурс дахыԥхьаӡалан, аха нас цәыббрамзазы ахԥатәи акурс ахь диаган, аполитекономиеи, ҳаамҭазтәи аҭоурыхи, аҳәаанырцәтәи алитературеи рлекциақәарахь ихы дақәиҭны дныҟәо азин иҭан. Переделкино анхара далагоит, усҟан уакәын азеиԥш нхарҭа ахьыҟаз. Арҵаратә курс аҟны алитературатә программа амҽхак ҭбаан; Ара Ф. Искандер раԥхьаӡакәны Достоевскии ирҿиамҭақәа анырра ӷәӷәа ирҭеит, еиҳаракгьы Лебиадкин иажәеинраалақәа данрыԥхьа. Аинститут аҿы иара рҵаҩыс диман, дагьилабжьалон апоет-ашәаԥҵаҩ Александр Коваленков. Искандер уи имаз адыррақәа рыхә ҳаракны ишьон, иагьигәалаиршәалон уи иажәақәа – аӡәы иҿыԥшра ашәҟәыҩҩы изы ҵакыдароуп, ари аус нарха шамам атәы. 1952 ш. рашәарамза 15 рзы Фазил Искандер раԥхьатәи иажәеинраала «Аԥсны ашьхақәа рҿы» агазеҭ «Советская Абхазиа» ианылеит. Аинститут далгаанӡа зынӡа ԥшь-жәеинраалак роуп иикьыԥхьыз, хԥа урҭ рахьтә «Советская Абхазиа» аҿы.
Аҵара аниҵоз Фазиль искандер Аҟәа «Советская Абхазия» аҿы аԥышәаиура дахысуан (1952 ш.) иара убас Махачкала («Дагестанскаиа правда» 1953 ш.) аҟны,1954 ш. ԥхынгәымза 24 рзы аҳәынҭқарратә ԥышәаратә комиссиа ақәҵарала ианашьан алитературатә усзуҩы ҳәа аквалификациа. Усҟан уи ицаужьын: Маиа Танина, Владимир Карпов, Кирилл Ковальџи, Леонид Жуховицки, Зоиа Крахмальникова. 1954 ш. нанҳәамзаы аихшараан дрышьҭуеит Брианск агазеҭ «Бриански комсомолец» ахь. Уи икьыԥхьымҭақәа 1954 шықәса цәыббрамза 9 – 1955 лаҵарамза 9 рыбжьара иҭыҵуеит иара инапаҵаҩны, иааизакны 14 статиеи, азгәаҭақәеи аамзы ирҭагӡаны иҟаҵаз ауп. Аредактор Л.А. Мирошини иареи ирыбжьалаз аимак иахҟьаны, - акорреспондет иусура дамхын, уи анаҩс диасуеит Курскҟа.
1956 ш. нанҳәамза 17 рзы аусура далагоит «Курскаиа правда» аҟны; ихатә усшәҟәаҿы ихьӡ «Фазыльбеи Абдул-иԥа» ҳәа данын; раԥхьатәи икьыԥхьымҭа нанҳәамза 12 ҳәа иарбоуп. Хара имгакәа арепортиор асатиратә фельетон «Епопиа» азы ианашьахоит апремиа. Шықәсык аредакциаҿы иусура инҭагӡаны икьыԥхьит 20 инареиҳаны аматериалқәа, иара убас, Грем Грин ироман «Тихии американец» арецензиагьы. Аџьашәҟәы ианыԥшуеит 27 шықәса зхыҵуаз алитературатә усзуҩы иааиԥмырҟьаӡакәа иоуаз аџьшьарақәа ртәы. Фазиль Искандер апрозаҿ идебиут: ажурнал «Пионер» № 11 ианылоит иажәабжь «Первое дело». Искандер аинститут данҭаз еибадырхьан Бенедикт Сарнови иареи, абри аҩымҭа акьыԥхьра дацхрааит.
1957 ш. жәабранмзазы Фазиль Искандер ихатә харџьала аԥсшьара дцан, аԥхын Аҳәынҭҭыжьырҭа аԥсуа ҟәшахьы диасуеит, уа шықәсык иназынаԥшуа иажәеинраалақәа реизга ашәҟәы «Ашьха мҩахәасҭақәа» аҭыжьразы аџьабаа адибалеит. Ашәҟәы акьыԥхь абеит уи ашықәсан мшаԥымзазы, 2000 екземплиар атираж ала, ари Москватәи апресса арецензиақәагьы анаҭеит.
Алитературатә карьера алагара. Аҟәа – Москва (1957–1969)
Ф. Искандер иқалақь гәакьахь даныхынҳә, иан лҿы анхара далагоит, уи ацхыраара илҭон зегь рыла, ицәамаҭәа инаркны зегьы лара лакәын иаазхәоз. Аҳәынҭҭыжьырҭа аредактор иуалафахәы зынӡа имаҷӡан (60 мааҭ мызкы) аха иусура аҩразы аамҭа инаҭон, уи иабзоураны иоууан агонорарқәа. 1957 ш. Асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылас дҟалоит. Искандер икьыԥхьуеит имаҷымкәа ажәеинраалақәа, иара убас аҭыжьырҭақәа «Иуность», «Новыи мир» рыҟны, ари ашьҭахь Гьаргь Гәлиагьы зҿлымҳара ииҭо далагеит, 1960 ш. азы илшоит зтираж 2000 екземплиар ыҟаз иажәеинраалақәа реизга «Советский писатель» аҟны аҭыжьра. Иԥсадгьыл аҿы аҟазаара шицәыуадаҩызгьы, иҭахын аҳҭнықалақь аҿы илшарақәа раарԥшра, иҭахӡамызт аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аурысшәахь еиҭазго иаҳасабала даанхарц.
1959 ш. нанҳәамзазы Фазиль Искандер зҭаацәа ирыцны ԥсшьара Аҟәаҟа иааз Антонина Михаил-иԥҳа Хлебниковеи иареи еибадыруеит. Лара Плеханов ихьӡ зху аинститут аҩбатәи акурс аҿы аҵара лҵон. Ашәҟәқәа рыбжьыслон акыраамҭа, хаҭала аиҿцаара иалагеит аӡын Москва, Искандер ипоезиатә еизгазы агонорар аниоу ашьҭахь.Искандери Хлебниковеи рыԥсҭазаара еиларҵеит 1961 ш. азы, наҟ-ааҟгьы рҭаацәарақәа ргәы ишаҭахымызгьы, ачарагьы даара еиҩцамкәа ируит. Рыԥсҭазаара аԥхьатәи амшқәа рзы Фазиль ауаҭах ылихит идагәаз еллин ԥҳәыск лҿы, аратәи аҭагылазаашьа аҭаацәара иаланагалаз иргәаланаршәон Лермантов иҩымҭа «Таман». 1962 ш. анҵәамҭа инаркны Москва даанхоит Антонина лцәалтәымкәа дахьыҟаз азы. Хлебниковаа нхон Горки имҩаду аҩны № 9 аҟны, ара хә-ҩык ауаа акоммуналтә уадак рҽаларыгӡар акәын. Анаҩс, аҭаацәара қәыԥш ауада ылырхуеит, уи абхәа ахә ишәон. 1963 ш. азы диит аԥҳа, хьӡыс илырҭеит Марина.
Аҭаацәара даналалагьы Искандер апоезиа аанимыжьӡеит. 1961 ш. Аԥсны иҭыҵит аизга «Дети Черноморья», анаҩс, 1964 ш. – 1969 ш. Москва иҭыҵит апоезиатә еизгақәа хԥа, анаҩс, Фазиль Абдул-иԥа лакҩакрада апрозахь диасуеит «Иунность» аҿы иажәабжьқәа ркьыԥхьрала, урҭ ирхылҿиаауеит ацикл «Чик ихәыҷра». 1964 ш. ашәҟәыҩҩы далахәын агазеҭ «Неделиа» аҿы иркьыԥхьуаз аколлективтә детектив «Смеется тот, кто смеется», аҵәҭаԥсарала иара иаӡоит жәба рахьтә аабатәи ахы. Ашәҟәыҩҩы усҟан даара ирацәаны аус иуан, ԥшьышықәса инарҭагӡаны икьыԥхьуеит 20-инарзынаԥшуа ажәабжьқәа.
1966 ш. иҭыҵуеит иажәабжьқәа реизга «Запретныи плод» (тиражла 65 000 екземплиар). «Новый мир» аҿы икьыԥхьын иповест «Созвездие Козлотура». Ашәҟәыҩҩы даларҵоит заҳаҭыр ҳаракыз есышықәса иҭыҵуаз «Апоезиа амш» аредакциатә коллегиа, асовет литератураҟны аԥхьатәи аҭыԥ аанызкылоз. Александр Твардовски, Ф. Искандер иҩымҭа «Созвездие Козлотура» ркьыԥхьыртә иҟазҵаз, ҩынтә Аҳәынҭқарратә премиа аиуразгьы дықәиргылахьан (1966-1968). Хазы тыжьымҭаны иҭыҵит аповест 1968 ш., уи аахыс 40 – антә еиҭаҭыжьын. Амассатә тираж иаҭныҵуаз агонорар аҭагылазаашьа инаҭеит акооперативтә нхарҭа алалара, раԥхьатәи алагала 4000 нызықь ашәарагьы – усҟантәи аамҭазы уи ԥара дуӡӡан. Ауада № 104 Аеропортовскаиа амҩаҟны аҩны 23 аҿы иҟан. 1969 ш. раԥхьаӡаакәны Искандер ипроза аекран ахь ииаган – иҭыжьын афильм Времиа счастливых находок».
Ахьӡ ашәымҭа. Альманах «Метрополь», ашәҟәыҩҩы даадырбуам (1969–1985)
1960-1970 шш. Фазиль Искандер ирацәаны аус иуеит. 1969 ш. апрозатә ҩымҭақәа жәба цәырҵуеит, 1970 ш. азы иҭыҵуеит аизга «Дерево детства», уа ианылоит «Созвездие Козлотуреи» ажәабжь ҿыцқәа жәабеи, урҭ анаҩс «Чик ихәыҷреи», «Сандро Чегьемтәи» ирылалоит. 1972-еи 1973 –еи шш. иҭыҵуеит Искандер ипрозатә еизга ҿыцқәа, шә-нызықь тиражла.
Адепрессиа ӷәӷәа изцәырнагоит А. Твардовскии ажурнал «Новый мир» анапхгара аҟынтә ихы дахьақәиҭыртәыз, Фазиль Абдул-иԥа акыр имчыз ацҳамҭа изишьҭуеит А.Н. Косыгин. Аха уи икариера иаԥырхагамхаӡеит: Ф. Искандер «анҭыҵныҟәара» азин иоуит, 1970 ш. азы ныҟәара ҳәа Чехсловакиеи Афедеративтә Германиеи дцоит. 1971-1973 ш. дрыдыркылеит Алитературатә институт аиҭагара акафедраҿы, арҵаҩы еиҳабыс, аԥсуа еиҭагаратә гәыԥ асеминар мҩаԥигон; иара убас, ашәҟәыҩҩы даларҵоит «Сельская молодежь» аредколлегиаа. Уи ашықәсан англыз бызшәа даланахалан иҽазишәоит Киплинг иҩымҭа «Баллады о Западе и Востоке» аиҭагара.
1973 ш. азы «Новый мир» аҿы иновеллақәа ркьыԥхьра иалагеит, анаҩс «Сандро Чегьемтәи» иалалаз, аха аҭыжьҩцәа дара рцензуратә ԥҟарақәа ықәдыргылеит, аҩымҭаҿ иргәамԥхоз алхразы, (ҷыдала, ановелла «Пиры Валтасара»). Уи даара ихьанҭаз адоуҳатә кризис изцәырнагеит: ганкахьала, Ф. Искандер ипринципқәак дрыцәхьаҵыр акәын, даҽаганкахьала, алитература заҵәык акәын аагарҭас имаз аҟнытә иҭаацәа рныҟәгаразы ауадаҩрақәа изцәырҵит. Уи ауп ҵаҵӷәыс иаиуз Мраҭашәара ари анапҩымҭа аҭыжьра. 1979 ш. Еиду Америка Аштатқәа рыҟны аҭыжьырҭа «Ардис» аҿы иҭыҵит ароман, уи ахҟьа-ԥҟьа бааԥсқәагьы аиуит. 1970 ш. аҩбатәи азбжа Искандер асоветтә система аҩныҵҟа акариератә қәҿиарақәа иоуа далагеит. Уи аҳәаанырцә ацарагьы даҟәымҵӡеит, 1977 ш. азы иҭыҵит иалкаау иҩымҭақәа реизга, уи иацлоит уаанӡа икьыԥхьыз «Сандро Чегьемтәи» аҟынтә ановеллақәа. Убас ишыҟазгьы, аофициалтә мчқәа рхымҩаԥгашьа дақәыӡбомызт, иҩызцәақәак «узқәымгәызшаз» дрылацәажәаӡомызт (Лев Капелев реиԥш иҟаз). Дәахьыла зегь рыла иманшәалаз Фазиль Искандер даргәамҵуан иҩымҭақәа ацензура ирзыруаз, убри аҟнытә ЕАА рҿы иҭыҵыз ацензура змамыз альманах «Метрополь» далахәхоит. Ацәаҿы ианын уи аредакциатә коллегиа дшалахәыз атәы. Альманах ианиҵеит иҩымҭа «Маленький гигант большого секса», «Возмездие» ацикл Чик аҟынтә, уи кьыԥхьын СССР 1977 ш. азы ацензура иалнагаз аҭыԥқәа алхны.
1979 ш. ажьырныҳәамза 19 рзы Искандер иҩызцәеи иареи (В Аксенови, В. Ерофееви, Б. Ахмадулинеи, А. Битови) рнапы зҵаҩыз иаарту ашәҟәы КПСС Ацентр Комитет ахьӡала, хаҭала Л.Н. Брежнев иахь Москватәи ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаара аҭагылазаашьазы. Уи аҭакс иҟаҵан адҵа ажьырныҳәамза 22 рзы СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгарҭа инеиҵыху аилатәара амҩаԥгаразы, зда ԥсыхәа ыҟам алкаақәа ацҵаны. Аилатәара иалахәын В. Аксионови Ф. Искандери, Искандер иқәгылара аӷьцәан, акьыԥхьразы иҟоу ауадаҩрақәа рзы ицо ацәажәарақәа азҵаара цәырҵуеит: «Иҟалазеи, ӡәыр аоккупациа ҳзиума?» ҳәа. Америкаҟа иганы«Ардис» аҿы икьыԥхьыз альманах азы Аксионов Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далцан, Искандер иакәзар, иҩымҭақәа ркьыԥхьра мап ацәкын ицәыргаӡамкуа. Ари Фазиль изы ԥсихологиатә ааха ӷәӷәан, иамаз аматериалтә ган аасҭагьы. Агонорарқәагьы зынӡа имаҷхеит, иара уигьы уарла-шәарлахеит. 1979 ш. азы Искандер иԥҳа ажурналисикатә факультет дҭалеит Москватәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны, лаб икәша-мыкәша аҭыӡшәа иҟаз дшацәшәозгьы, ибзиаӡаны аԥышәарақәа лҭиуеит.
1980 ашықәс аҩныҵҟала рыԥсҭазаара иалҵуеит Фазиль иаҳәшьеиҳаб Гьиули, иашьеиҳаб Фиридуни, иҩынажәамш аамҵыкуа – 79 ш. дышҭагылаз лдунеи лыԥсахит Лели Искандер. Фазиль иоуыз ацәыӡ аҟнытә ихьаа, игәырҩа ааирԥшит ажәабжь «Утраты» аҟны.
Фазиль иҩымҭақәа ркьыԥхьуан, иҭыҵуан агрампластинқәа автортә ԥхьарақәа зныз, ажәабжь «Начало», 1983 ш. азы икьыԥхьын аизга «Защита Чика». Аҳәаанырцә икьыԥхьын афилософиатә лакә «Ажьақәеи амаҭқәеи», иара убас «Сандро Чегьемтәи» аҟынтә ахәҭа ҿыцқәа аус зыдулара даҿыз. Ашәҟәыҩҩы данаадмырбуаз аамҭазы апоезиахь дхынҳәуеит, аиҭагарагьы далагоит. 1983 ш. азы Фазили Антонинеи дроууеит аԥа. Раԥхьа урҭ адача ылырхын инхон, аброуп Ф. Искандер аб Александр Мень дахьидырыз, зҩызара акырӡа дахӡыӡаауаз анцәахаҵара шимамызгьы.
Аиҭашьақәыргылара (1985–1991)
Аиҭашьақәыргылара аамҭа Фазиль Искандер изы ауаажәларратә активра дуӡӡан анааирԥшуаз акәын, акы еиԥшымкәа иҭыжьымҭа атиражқәагьы ирызҳаит. 1985 ш. анҵәамҭазы аҭыжьымҭа ҿыцқәа цәырҵит. 1986 ш. иҭыҵит аизгақәа ҩба «Один день большого дома», «Праздник ожидания праздника», 3 000 атираж змаз. 1987 ш. раԥхьаӡакәны иҭыҵит иажәеинраалақәа реизга «Путь». 1988 ш. азы Ашәҟәы апалата иҭнажьит 100 нызықь зтираж ыҟаз «Ажьақәеи амаҭқәеи». 1989 ш. иҭыжьын «Сандро Чегьемтәи» ахәҭақәа зегьы х-томкны. Еиҳагьы массала аҭыжьра иацлеит зтираж 800 нызықь ыҟаз «Стоянка Человека». 1991 ш. 60 шықәса ихыҵра аиубилеи инамаданы, Фазиль Искандер ианашьан СССР Аҳәынҭқарратә премиа. 1986 ш. Фазиль Абдул-иԥа ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгара далахәхоит. 1987 ш. ашәҟәыҩҩы илшоит аҳәаанырцәҟа инеиҵыхны аныҟәарақәа рылахәхара, икомпетентәу аусбарҭақәа ицымкәа. Раԥхьатәи иныҟәарақәа раан Ньиу-Иорк 1987 ш. А. Гениси иареи еибадырит. 1988 ш. хәажәкырамзыз Копенгаген еиҿкаан аофициалтә конференциа, асовет шәҟәыҩҩцәеи аемигрант шәҟәыҩҩцәеи ргәаанагарақәа ахьеимырдоз. Аполитикатә хырхарҭа змаз афрум аҿы, Искандер заҵәык иакәын изҳәоз ашәҟәыҩҩы ихаҭара ҵакыс иамоуи «наӡаӡатәи» ртәы. 1990 шықәсазы Фазиль Искандер иҭаацәара ааԥхьара рыҭан Норвичтәи ауниверситет асимпозиум ахь Б. Пастернак 100-шықәса ихыҵра инамаданы. Уи иалахәын Наум Коржавини Булат Окуджавеи: Искандери Окуджавеи ҳаҭыр зқәу ауниверситет адокторцәа ҳәа ахьӡ рыхҵан. 1989 ш. Фазиль Искандер Жәлар рдепутатцәа Реизара ду ахь делегатс далхын, аполитикаҿы рацәак активра шааимырԥшуазгьы. Анаҩс, уи С. Рассадин изеиҭеиҳәон «шаҟа ибааԥсыз» атәы, аизарақәа зегьы дагымхакәа дагьрылахәын аҟнытә.
Иҿыцу аҭагылазаашьа (1992–2016)
1992 ш. Фазиль Искандери Олег Волкови Тепфер афонд Пушкин ипремиа (40 000 анемец маркақәа) еицеиҩыршеит. Уи ашықәсан еиҿкаан апрезидент иҿы агәшаҭаразы акомиссиа, уи иалахәын Булат Окуджава, Аркадии Ватнер, Александр Бовин уҳәа уб.иҵ. Уи акомиссиа далахәхеит Фазиль Искандергьы, уа иоуз аԥышәа иҩымҭа «Мини убиица» асиужет ианыԥшит. Ашәҟәыҩҩы итәылауаҩратә позициа мап ацәимкӡеит илибералтә дунеихәаԥшра аганахь ала, уи аныԥшит Чечентәыла ицоз аибашьра аанкыларазы «Шәҩык рышәҟәы» инапы аҵаҩрала 1996 ш. 2000 шықәсазы Апрезидент иалхраан, адгылара ииҭеит Гриорги Иавлински.
Атәылаҿ иҟаз аҭагылазаашьа ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара ианымԥшырц залшомызт. 1991 ш. 200 нызықь тираж ала иҭыҵраны иҟаз иҩымҭақәа реизга ҩ-том заҵәык ҭыҵит. Атираж иубартә еиԥш ирласны иагхо иалагеит: аизга «Человек и его окресности» 1993 ш. иҭыҵит 50 000 нызықь екземплиар, иара убри ашәҟәы ҩышықәса аамҵыцкәа 10 000 екземплиар еиҭаҭыҵит, аизга «Софичка» еиԥш, 1997 ш. Иҩымҭақәа реизга жәа-томк 2003-2008 ш. 3000 екземплиар атираж аманы. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иахҟьаны Искандер Аҟәатәи аҩны ицәыӡит. 1990-тәи ашықәсқәа рзы ашәҟәыҩҩы Переделкино аҩны ааихәоит, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа уа дынхон. 1990-тәи ашықәсқәа рзы Ф. Искандер зыԥсы шҭаз иклассикхаз истатус иоуит. 70-75-80 иубилеитә ныҳәа инамаданы ианашьан аҳаҭыртә ҳамҭақәа «Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы» аордени, 65-85 шықәса ахыҵразы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиеи, 2011 ш. азы ианашьан Урыстәыла Аиҳабыратә премиеи, «Иасная полианеи», «Большая книгеи» апремиақәа. Нобель ипремиа аиуразы ҩынтә дықәдыргылахьан, 2012 ш. азы – аԥшьгаратә гәыԥ ахьӡалеи, 2013 ш. – Аурыс ПЕН-центр ахьӡалеи. Аԥсны уи еиҳагьы ҳаҭыр иқәырҵон, Москватәи аԥсуа диаспора дахаҭарнакын. Искандер идунеи иԥсахит агәыхьчымазара иахҟьаны 2016 ш. ԥхынгәымза 31 рзы Переделкино Москватә идача аҟны, 88 шықәса дырҭагылан. Урыстәыла Ахада В. Путин уи иуацәеи иҭынхацәеи, ибаҩхатәра абзиабаҩцәеи гәалсра дула дрыдышшылеит. Анышә дамардеит Новодевиче аԥсыжырҭаҟны нанҳәамза 2 рзы, Москва. Уи аҽны Аԥсны зегь алахьеиқәҵара мшны ирылаҳәан.
Аҭаацәара
1961 ш. азы Фазиль Искандер Антонина Хлебникова ԥҳәысс дигоит. (диит 1940 ш.), иԥҳа Марина (диит 1963 ш.), иԥа Александр (диит 1983 ш.).
Алитературатә усура
Искандер дыҩуан урысшәала. 2011 ш. азы, 82 ш. анихыҵуаз аҽны Фазиль Искандер аҳәамҭа ҟаиҵеит: «Сара, жәаҳәарада, Аԥсны ирацәаны иазышәаҳәоз урыс шәҟәыҩҩуп. Ԥсышәала акагь смыҩӡеит, рыцҳарас иҟалаз. Иалсыхыз аурыс культура хҳәаара аҭахӡам. Искандер – дсоциалтә аналитикуп, дсатирикуп. Ишәҟәқәа зегь иҷыдоу ажанр ала иҩуп. Ипроза ажанртә мҽхакы: ароман епопеиа «Чегьемтәи Сандро», ахәыҷтәы епос «Чик ихәыҷра», аповест – ажәаманаа «Ажьақәеи амаҭқәеи», аессе-адиалог «Америкатәи ауаҩы Урыстәыла иазхәыцуа», аповестқәа «Ауаҩы икәша-мыкәша», «Ашколтә вальс» «Апоет», «Софичка», «Ауаҩы игыларҭа», ажәабжьқәа «Геракл жәахатәи ифырхаҵара», «Алагамҭа», «Арбаӷь», «Амшын иазку ажәабжьқәа», «Бабаду» уҳәа. уб. иҵ. Ифырхацәа зегьы рыхҭысқәа еиҳарак имҩаԥысуеит Чегьем ақыҭан, уоуп автор ихәыҷра еиҳарак ахьихигаз.
Ароман-епопеа «Чегьемтәи Сандро» 32 хы рыла ишьақәгылоуп, 1100 бӷьыц ыҟоуп, асовет цензура 2/3 атекст иагнархоит. Ароман аҟнытә ахәҭақәак 240 журнал бӷьыц кьыԥхьын. Ихааҭәаны атекст ҭыжьын Америка «Ардис» аҭыжьымҭаҿы 1979-1980 шш., СССР – 3-томкны еизакны иҭыжьын 1989 ш. азы. Ароман еиднакылоит ажәабжьҳәаҩ ианшьа изку ановеллақәа рцикл. Сандро Кавказтәи ашьха қыҭа еиуоу ауаҩы, Урыстәылеи Аԥсни имҩаԥысуа аҭоурых драматә хҭысқәа XX-тәи ашәышықәсазы ирылахәхаз дреиуоуп. Аҩымҭа зегьы еиларсуп асатиреи, аиумори, афилософиатә рефлексиеи, асоциалтә ҭагылазаашьа адкылара аҷыдареи, автор уи аԥсҭазаара иазыҟазаашьеи, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аепизодқәа рҿы иаарԥшуп ареволиуциа ҟалаанӡатәи ихьшәоу асовет аамҭақәеи рҟынӡа. Аперсонажцәа дреиуоуп Сталини уи аамҭаз иҟаз анапхгаҩцәеи. Искандер иҩымҭақәа рҿы дазхәыцуеит XX-тәи ашәышықәсазы ауаҩы иҭыԥ, ихы дақәиҭны иалихуа ҵаҵӷәыс иамоу акцентазуны, насгьы уи иацу ауадаҩрақәа асовет аамҭазы. Уи ифилософиатә темақәа еиҳа бзиа иибо иреиуоуп иҩымҭақәа рҿы – аиашара, аҳаҭыр, ахпатуқәҵара, аскетизм, аԥсра апроблема. Д. Быков ишазгәеиҭо ала: Искандер аурыс литература иалеигалеит аҩны аидеиа, уи Искандер ипрозаҿы есқьынгьы амораль символра азнауеит, аҟазаара шьаҭас, ҵаҵӷәысгьы иамоу. Искандер архаикатә культура иамоу абзиарақәа ауаҩы еиликаарц, ихы иаирхәаларц азы идигалоит: ауаҩы иуалу иламыси. Урҭ ихьанҭоу аилкаарақәа рықәныҟәара иацу ауадаҩрақәа аԥхьаҩ изааигәаны, иара итәны иҟалартә идигалоит, ахәышҭаара, аҭаацәара, аиуара аидеиақәа ауаа рылааӡарала. Искандер ипроза зегь рахәыц ҟаԥшьны иагәылсуеит шәышықәсала ишьақәгылоз ажәлар ретика ахаршҭра, ахатәфеида ашьҭалара иахҟьаны абиԥарақәа рхыбгалара, рықәӡаара, ауаа рԥеиԥш агәхьаамкра. Ауаҩы идоуҳатә ԥсҭазаара аиқәырхара иуадаҩӡоу аамҭақәа рзы, ауаҩра ацәыӡреи, адоуҳассареи рахь анкылашьа амамкәа иаҳзааигәахо аамҭа атәы аҳәоит аҩымҭа «Ажьақәеи амаҭқәеи» асарказми, аамҭа-аамҭала иҵәылаҵароу аоптимизми реилаӡҩара, аԥхьаҩ ихы-ихадыршҭуеит «ччарыла ишәаӡыӡара» аиаааиразы. Искандер иажәақәа рыла иуҳәозар, аҩысҭаарала аччара зегьы ириааиуеит. Искандер иҩымҭақәа рҿы зынӡагьы иуԥылаӡом атрагедиатә финал. Искандер ифырхацәа ҩ-аамҭак рыблақәа ирыҵаӡаз ахәыҷы идунеи, абырг идунеи рдунеиқәыԥшылара, рдунеидкылашьа аиҭаҳәаҩ ихаҿала иааирԥшуеит, иахьа, иацтәи агәалашәарақәа рыла дышьҭрақәланы. Волфган Казак иажәақәа рыла иуҳәозар, Искандер ихыҭҳәаара даараӡа ибеиоуп. Искандер иҩымҭақәа рцәаҩа алитератураҭҵааҩцәа ишыршьо ала, «амагиатә реализмуп», мамзаргьы «амистикатә реализмуп».
Искандер ишәҟәқәа еиҭагоуп адунеи абызшәақәа жәпакы рыла.
Искандер ддыршанхон Александр Пушкини Иосиф Бродскии, Феодор Достоевскии Иван Тургеневи рҩымҭақәа.
Аҳамҭақәа. Агәалашәара.
Фазиль Искандер ианашьан аҳәынҭқарратәи егьырҭ аҳамҭақәеи жәпакы.
«Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭазы аорден – ll-тәи аҩаӡара (2004 ш. цәыббрамза 24) – Аџьынџьтә литература аҿиараҿы иналукааша алагалазы.
«Аџьынџь аҿаԥхьа алшамҭазы» аорден lll-тәи аҩаӡара (1999 ш. хәажәкырамза 3), ҳаамҭазтәи алитература аҿиараҿи алшамҭақәа рзы, ауаажәларратә усура ду азы.
«Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭазы» аорден lV-тәи аҩаӡара – аџьынџьтә литература аҿиараҿы алагалазы, кыршықәсала арҿиаратә усуразы 2009 ш. март 13 рзы.
«Ахьӡ-Аԥша» аорден l-тәи аҩаӡара (Аԥсны 2002 ш. ԥхынгәымза 18 рзы)
«СССР Аҳәынҭқарратә премиа» (1989 ш.) ароман «Чегьемтәи Сандро» азы.
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра апремиа (2011 ԥхынҷкәын 26) Иалкаау аҩымҭақәа рзы.
Пушкин ипремиа (1993 ш.)
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа (1994 ш.)
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа – аџьынџьтә литератураҟны алагалазы (2014 ш.)
УАР агәалашәаратә медаль «Аурыс литература XX ашәышықәса ашедеврқәа» Урыстәыла акультура аҿиараҿы алагала ду азы (2003 ш.)
Апремиа «Триумф» (1999 ш.)
Урыстәылатәи асахьаҭыхратә академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла.
Афантастикаҟны «Великое кольцо» апремиа алауреат аноминациа «Крупная форма» ала аповест «Ажьақәеи амаҭқәеи» рзы (1987 ш.)
Аԥхьахә ҷыда «Ахьӡ аԥшеи рзы» «Большая книга» апремиа (2011 ш.)
«Иаснаиа полиана» апремиа Л.Н. Толстои ихьӡ зху аноминациа «Современная классика» Бунин ипремиа алауреат (2013 ш.)
Фазиль Искандер 1988 ш. акьыԥхь аирбеит атеатр азы апиеса «Амшын аҿы акаҳуажәырҭа». Ашәҟәыҩҩы иԥҳа – Марина иазгәалҭоит – лаб иҩымҭақәа рыла аспектакльқәа лассы-ласс ишықәыдмыргыло, аха иааиԥмырҟьаӡакәа ишықәдыргыло жәлартә театрқәеи атеатртә ҵараиурҭақәеи рҿы.
2015 ш. азы Аҟәа имҩаԥган афестиваль «Ауаҩы игыларҭа», Фазиль Искандер иҩымҭақәа руак ахьӡ змаз. 2016 ш. имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә атеатр иазкын, уи аартын Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль «Ажьақәеи амаҭқәеи» апремиера ала, иара убас идырбан Москватәи Останкино ателехәаԥшреи арадиодырраҭареи ринститут атеатртә факультет астудентцәа рыспектакль «О Марат» Сергеи Коковкини Анна Радионовеи иқәдыргылаз. 2022 ш. Аҟәа иқәыргылан аспектакль «Абырг Ҳабыгә игәыжь ажәабжь» ароман «Чегьемтәи Сандро» ахқәа руак иалхны. Арежиссиор-ақәыргылаҩ Антон Корнилов – арежиссиортә лабораториа «Сандро» аҟны ааиааира игеит, тема хаданы иҟан Фазиль Искандер ироман. Арежиссиор абас иҳәоит:
Искандер аурыс театр аҿы иаарԥшра шалшогьы, аԥснытәи аурыс театр аҿы артистцәа реиҳарак аԥсуаауп азы, сгәаанагарала, уи алыршаразы уадаҩра ыҟаӡам. Дарбанзаалак артист изы ари иара изгәакьаӡоу, даҽакала еиликаауа акы акәын, уи иахьагьы исзеилкааӡом ишымҩаԥысуа. Убри аҟынтә артистцәа рыгәра згеит. Дыҟоуп амилаҭтә автор Фазиль Искандер, иҟоуп уи итекст, аԥснытәи аурыс театр артистцәа ирыдыркылаз, ирнаалаз, аҿҿаҳәа излацәажәо
Аусумҭақәа
Абӷаџьма аеҵәаџьаа
Фазиль Искандер – аурыс шәҟәыҩҩы, иповест кьыԥхьын 1966 ш. азы ажурнал «Новый мир» аҿы. Ажурналист қәыԥш ихаҿала еиҭаҳәоуп ауаа иаразнак ирылаҵәаз ажәабжь џьашьахәы, абӷаби аџьмеи аԥстәы џьашьахәы шырхылҵыз.
Ф. Искандер ирҿиамҭақәа ҭызҵаауа ишазгәарҭо ала, ари аповест аҿы еиларсуп алирикеи асатиреи, уи автор шәҟәыҩҩык иаҳасабала дрыланарҵәеит.
Асиужет
Асиужет еиҭаҳәоуп ажурналист ихаҿала, аҩымҭа афырхаҵа хада, ажурналист қәыԥш, ихьӡ зынӡак иҳәаӡам атекст аҿы. Аинститут даналга анаҩс, аусуразы «ибжьаратәу аурыс газеҭ ақәыԥшцәа рзы» аҿы маҷк аус зуз, дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь Аԥсныҟа, уаҟа аусурагьы далагоит аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә газеҭ «Асубтропика ҟаԥшьқәа» рҿы. Уи аамҭазы ареспубликаҿы абӷаџьмақәа ранҵаразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргон акколекционерцәа, урҭ ирылшеит абӷаџьмеи аџьмеи аԥстәы џьашьахәы рхылҵразы аексперимент амҩаԥгара, «даара интересу акоуп ари еиԥш аус, иагьа ҳҳәаргьы, ҳәа иазгәеиҭоит уаҩ дук. Ас еиԥш аҳәамҭа злымҳа иҭасыз автор, Платон Самсон-иԥа, ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабыс агазеҭ аҿы, аус зуаз, ари еиԥш аус хада ҿыц апропаганда азиуа далагеит: агазеҭ аҿы лассы-ласс иркьыԥхьуа иалагеит аҭыԥантә арепортажқәа аԥшьгара адгыларазы, насгьы инаҵшьны иазгәарҭон абӷаџьма баша аџьма аҿаԥхьа аԥыжәара шамаз атәы, уи иақәыз аласа уҳәару, иара акәац атәыҩа дуқәа, урҭ рыԥшӡара, ачҳареи алшареи иамаз уҳәа, аџьма ааигәа иузыргыломызт.
Кавказтәи абӷаб
Ажурналист қәыԥш адҵа иҭаны дрышьҭуеит ақыҭа Ореховыи клиуч ашҟа. Уаантә иааит анонимтә шәҟәы, уи иаҳәон ақыҭсовет аиҳабы абӷаџьма иҽеимкуа дшазныҟәо. Афырхаҵа хада иӡбоит дцарц уи ақыҭахь, амҩан игәалашәоит ихәыҷра, аибашьраан дзықәшәаз ахҭыс: ҵхыбжьон иуацәа рахь дрышьҭуеит адырра риҭарц азы, аха амҩан дышцоз дҟьалан, анышәынҭрақәа рахь дҭанагалан, ажра дҭаҳаит, уа иара иаԥхьа иҭаҳахьазаарын аџьма. Ақыҭа Ореховыи клиуч аҟны ираҳауеит анаукатәи, аполитикатәи аҭҵаарақәа Реилазаара алахәыла Вахтанг Бочуа имҩаԥигаран дшыҟоу алекциа «Абӷаџьма ҳара ҳгәадура» захьӡу. Абӷаџьма акәзар, хазы иҭакуп, аџьмақәа ааигәара инанашьҭӡом, тәыҩала икшоит. Аха ақыҭсовет аиҳабы интересс имоу аҽаҩра бзиа рызҭараны иҟоу ачаи аплантациақәа роуп. Ажурналист дцарц анақәик, ақыҭсовет аиҳабы амашьына рныҟәцаҩ диҳәеит ажурналист ибзианы аҩы иржәны, ишахәҭоу дымҩаԥигарц «ҿаасҭак ҳара ҳзыҳәа имҩырцаз» ҳәа. Ақыҭсовет аиҳабы игәҭакы наӡеит, ажурналист бзиа зқьаф ҟазҵаз, ажәҩан данаҵаԥш, илаԥш ақәшәеит абӷаџьма асахьа змаз еҵәаџьаа. Ус автобус дшазыԥшыз, дамхацәоит, данааԥш амилициацәа рҿы дыҟоуп, исааҭгьы имӷаӡам. Ақалақь ахь даныхынҳә, арепортаж шааҟаиҵаз Платон Самсон-иԥа ажәабжь ҿыц иаиҳәоит: ирыдигаларц шиҭаху абӷаџьмеи атаџьиқь џьмеи реиниарала ахәы рацәа зқәу абӷаџьма ариирц азы. Аредактор хада Автандил Автандил-иԥа, ажурналист истатиа акьыԥхьра мап ацәикуеит, уи хырҳа алаӡам, избанзар абӷаџьма ҽеила аус ахьадырмулаз, лыҵшәа ахьамоуз, насгьы аҳауа ахьанымаалаз азы. Уи Платон Самсон-иԥа инапы ианиҵеит астатиа ҿыц аус адиуларц даҽакала, афырхаҵа хада диаигоит акультура аҟәшахьы, аиндаҭлара амҩаԥгаразы, абӷаџьма иазку иреиӷьу асахьаркыратә ҩымҭа алхразы.
Аконкурс лыҵшәа бзиала имҩаԥысит, аха дук рацәа имгакәа амш бааԥсхоит, адыд мацәыс рылалоит: ацентртә газеҭқәа руак аҿы ицәырҵуеит астатиа, «ақыҭанхамҩаҿы ҵаҵӷәы змам ацәырҵрақәа», ирхыччаны, еиҳарак акритика ӷәӷәа азун «абӷаџьма мхәыцӡакәа иҟанаҵаз абжьагажәазы». Уи акәхеит, Платон Самсон-иԥа аҟәша еиҳабыс амаҵзура имаз аҟынтә ихы дақәиҭыртәит, лахьыӷәӷәагьы ирҭеит. Аамҭа кыр аныбжьыс Платон Самсон-иԥа афырхаҵа хада ааԥхьара ииҭоит аԥсыӡкрахь, ажурналист қәыԥш маӡаны имоу апланқәа рытәгьы иеиҳәоит: иара иҭахуп амшынҿықә инаркны ҳаԥык аҟынӡа аканат мҩа быжьганы, аԥсшьацәа амшын аҟынтә аҳаԥахьы ишиашоу инеиуа «асталактитқәеи асталагмитқәеи зеиԥш ыҟам» рыԥшӡара дырбаразы.
Аԥҵара аҭоурых
Фазиль Искандер иажәақәа рыла иуҳәозар, ас еиԥш иҟаз аидеиа изцәырнагеит аԥсуа газеҭ дшаԥхьоз абӷаџьма иазкны иԥыхьашәаз астатиа ҿыц. Абӷаџьма «ажәа шибаз еиԥшҵәҟьа, ари аус» хыда еиҿызкааз акомпаниа агаӡара ибеит. Ари аҩымҭа аҩра аҽазикаанӡагьы Искандер, Курск даныҟаз, ибон аԥш иазкыз акомпаниа аусқәа акагь шрылымҵуаз, иаҭахымзт аԥш Курсктәи атәылаҿы азҳара. Аԥш атәы дхәыҷаахыс ибзианы идыруан. Аха уи иазкны ииҩыз астатиақәа акьыԥхь рымбаӡеит. Ашәҟәыҩҩы изы ари аматериал акраҵанакуан, избанзар ашәҟәыҩҩы ас еиԥш ухаҿы иузаамго аус лҵшәадақәа ахархәара рыҭатәым!» ҳәа.
1966 ш. азы аповест кьыԥхьын «Новый мир» аҿы. Уи аԥхьа ажурнал аҿы икьыԥхьын Искандер иажәеинраалақәа, «Абӷаџьма еҵәаџьаа» ркьыԥхьаанӡа ҩажәа жәабжь ракәын акьыԥхь збахьаз. 1970 ш. иҭыҵыз ашәҟәы «Ахәыҷра ҵла» иагәылалеит ажәабжьқәеи аповест «Абӷаџьма аеҵәаџааи». Сахьала еиқәиршәеит Лев Збарски.
Аповест анҭыҵ ашьҭахь акритикцәа ирацәаны иахцәажәеит, ахҳәаақәа иҟаҵаз еиҳарак ибзиан: 1966-1969 ш. ирҭагӡаны ҩажәа инареиҳаны инеиҵыху арецензиақәа ҟаҵан, ажурналқәеи, агазеҭқәеи рҿы.
«Новый мир» аредколлегиа Твардовскии хадара ззиуаз аповест «Абӷаџьма еҵәаџьаа» ҩынтә, 1966-1968 шш. рзы Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәнаргылахьан.
Ахәшьара
Михаил Гундаринеи Евгении Попови ргәаанагарала Искандер «ахьӡ-аԥша иманы, зегьы деицырдыруа дҟалеит» «Новый мир» аҿы аповест «Абӷаџьма аеҵәаџьаа» аникьыԥхь адырҩаҽныҵәҟьа. Уаанӡа дыздыруаз еиҳа имаҷзар, аповест акьыԥхь анаба, Искандер иабиԥараҿы еицырдыруа шәҟәыҩҩны дҟалеит.
«Абӷаџьма еҵәаџьаа» аҿы Искандер асахьа ҭихуеит акомпаниа имҩаԥнагоз аусқәа ахы инаркны: лҵшәа змамыз агәыӷрақәеи, урҭ реилабгара афинал бааԥс аҟынӡа. Драматизмла иҭәу афинал аибарххара, ииасуа аамҭа аестетика аҵубаауеит, аҩымҭа афырхаҵа имчқәа ҭаланы, игәацԥыҳәарала иаҳирбоит уи изыԥшу аиааира ҿыцқәа, аповест афинал аҿы аҽеибыҭара иаҿуи, даҽа компаниа ҿыцк.
1966 ш. аповест анҭыҵ анаҩсан Александр Твардовски ахәшьара ҳаракы аиҭеит аҩымҭа. Фазиль Искандер иналукааша абаҩхатәра змоу иҟазара, шаҟа имарианы, ччарала еибаркны еиҭаҳәоузеи», аха «уи имариоушәа иубо аформа иагәылаҵәахуп аҵакы ҵаула», «аповест амч асатираҿ мацара иаанкылаӡом. Уи уаднаԥхьалоит иара алирикатә еиҿкаашьала». Наталиа Иванова ишазгәалҭо ала, ари аповест «алитературатә мҩақәа реихысырҭаҿ ицәырҵыз акоуп», ганкахьала Искандери Аксионови злеиԥшу ыҟоуп («Апельсины из Марокко»), иара убас Владимир Воинович «Жизнь и необычные приключения солдата Чонкина»), даҽаганкахьала, хымԥада, ҩныҵҟала еидҳәалоуп Борис Можаеви «Из жизни Федора Кузькина»), Василии Белови «Первичное дело» реиԥш иҟоу аҩымҭақәа.
Адаптациа
Георги Данелиа игәалашәарақәа рҿы иҳәон Искандер ифильм асценариазы аҭыхра залмыршахаз азы:«Аҳәынҭкино» аҿы:
- Иаҭахӡам, - рҳәеит.
Сара сҵааит:
- Избан?
Аҭак сырҭеит:
- Абри азы, - ҳәа.1989 ш. азы арежиссиор Мартирос Фаносиан иҭихит Искандер иповест «Абӷаџьма еҵәаџьаа» афильм, ароль хада наигӡон Андреи Илин. Афильм аҿы Фазиль Искандер иажәеинраалақәа ирылхыз ашәақәа хархәара рыман.
«Чегьемтәи Сандро»
«Чегьемтәи Сандро» Фазиль Искандер ироман ажәабжь кьаҿқәа рыла ишьақәгылоуп, автор уи ажанр аганахь ала ароман маана ҳәа азиҳәоит.
Раԥхьаӡа акәны ановеллақәа рцикл аҟынтә 1966 ш. азы икьыԥхьын. Ԥасатәи СССР аҿы ажурналтә ҭыжьымҭа ацензура ӷәӷәа иахыжьны иҭыҵит 1973 ш. азы, анаҩс Фазиль Искандер ацикл аус адулара иациҵоит. Ароман бызшәа рацәала иҭыжьуп. 1989 ш. азы ароман «Чегьемтәи Сандро» азы СССР Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан.
Ароман аԥҵара аҭоурых
Автор ароман актәи ахаҿы иҳәоит ашәҟәы идеиас иамаз, «ажәлар рыԥсҭазаара апоезиа» азышәаҳәара ишазикыз, уи дхәыҷаахыс гәҭакыс ишимаз. Фазиль иан шьҭрала Чегьемтәын, ихәыҷра зегьы уа ихигеит. Ари аҩымҭа кыршықәса аус адиулон, иавтобиографиатә мотивқәа рыла ихарҭәаауа, аԥсҭазаара ахаҭа иҵанаҳәоз асахьақәа рыла еидкыло.
Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа ҭызҵаауа ишазгәарҭо ала, уи алитературатә диссидентцәа Александр Солженицин реиԥш иҟаз рахь иаҵанакуеит ҳәа узрызҳәаӡом, аха егьа ус иҟазаргьы, ишәҟәыҩҩратә лахьынҵа даара ауадаҩра дуқәа ацын. 1966 ш. азы Фазиль Искандер иажәабжьқәеи иажәеинраалақәа рсериа анаҩс диасуеит идуу алитературатә формақәа рахь, иҭыҵуеит Фазиль Искандер иповест «Абӷаџьма еҵәаџьаа», ашықәсан ажурнал «Неделиа» ианылеит ановелла «Чегемтәи Сандро». Уи аамшьҭахь, есышықәса еиуеиԥшым асовет ҭыжьымҭақәа рҿы иҭыҵуа иалагеит ироман аҟынтә ановеллақәа. Уи ааидкылан раԥхьаӡа алашара абеит 1973 ш. азы («Новый мир» аҿы № 8-11) иуҳәар алшоит ароман ахԥатәи ахәҭа ауп иҭыжьыз ацензура убысҟак иаркьаҿит.
«Ардис» ашәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит Фазиль Искандер ироман атекст зегьы шынеибаку 1979-1981 ашықәсқәа рзы (еиҭалгеит Сиузан Браунсбергер). Аиҭашьақәыргылара аамҭазы, уаанӡа ирымкьыԥхьуаз ахәҭақәа ароман аҟынтә «О Марат» (1988 ш.) иҭыҵит. Ароман ах-томк иааизакны иҭыҵит 1989 ш. азы.
Асиужет
Ароман шьақәгылоуп 32 новелла рыла. Ановеллақәа иаку сиужетк еиднакылаӡом, аха урҭ еиҭарҳәоит афырхаҵа хада Сандро Чегемтәи иԥсҭазааратә ҭоурыхқәа, иуацәа рлахьынҵа, Чегемаа рыхҭысқәа ртәы. Ароман аҿы реалла иҟаз аҭоурыхтә хадақәа рыӡбахә ҳәоуп: Иосиф Салин (ароман аҿы ԥаҵаду ҳәа ишьҭоуп), Нестор Лакоба, Нои Жорданиа, Олденбургтәи апринц, уҳәа ихыҭхәыцаау афырхацәа, амилаҭ (аендурцәа, акенгурцәа) уҳәа аметафарақәа уԥылоит. Ановелла афырхаҵа хада – «Алахьҟьаҟьа» - акамбашь ауп. Ароман аҿы ахҭысқәа мҩаԥысуеит ареволиуциа ҟалаанӡатәи аамҭеи, брежневтәи аепоха аҟынӡа. Ароман аҭоурых – Чегемтәи аԥсҭазаара асахьа, ақыҭа аԥсҭазаара, иахьеи-уахеи имҩаԥысуа, урҭ зегь еиҭаҳәоуп ахԥатәи ахаҿала – уи зегь ирхаану заамҭазы аԥсҭазаара иԥнашәаз абырг Сандро ила, ароман автор зыхьӡ ҳәам, изеиҭеиҳәо ахҭысқәа рыла. Жанрла ароман ашьақәгылашьа еиуеиԥшӡам: адрама, алакә, ажәамаана, адетектив. Сандро – дынхаҩуп, абырг Хабыгә диԥоуп, кыршықәса зхыҵуа, аҭоурых џьашьахәы иахаану, аҩынду аԥшәма. Иазныкымкәа зышьра иақәыркхьаз. Ашәануаа раҳкәажә лыбзиабаҩ. Ашәаҳәареи, акәашареи рфольклортә нсамбль иалахәыз. Анаҩс, Сандро зыхьӡ-зыԥша атәыла иахыҵәаз ҭамадак иаҳасаб ала.
Ахҭыс мҩаԥысуеит Чегьем ақыҭан. Уи ақыҭа ҭоурыхла иҟаҵәҟьан, иахьа игәыгәҭажьу, аӡәгьы дахьнымхо. Иара убас, ахҭысқәа мҩаԥысуеит Аԥсны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы, иҟоуп реалла иҟоугьы, ихыҭхәыцааугьы: Мухус, Баҭым, Кенгуртәи, Анастасовтәи). Реалла иҟоу аҭыԥқәа рсахьа шыҟаҵәҟьоу иҭыхуп. Ароман аҿы аҭыԥ хада ааннакылоит кыр шықәса зхыҵуа араҵла, акыр ажәытә хҭысқәа ирхаану ақыҭаҿ зегь зымҵаныҳәоз. Ароман аҵыхәтәантәи ановелла иҳанаҳәоит Чегем аԥсҭазаара хәыҷ-хәыҷы аԥсра ишаҿу, иара араҵлагьы изымҵаныҳәоз ажәын, ибажәхан ишкаҳаз. Уи ахаҿы аӡбахә ҳәоуп Ҳабыгә ииԥшаз аӡыхь, уажәы аарла зыԥсы ҭоу. Ҷыдала иалкааны хшыҩзышьҭра рыҭоуп аԥсуаа ртрадициақәеи, рҵасқәеи, ритикети, уи ауп аԥсуаа рморалтә Кодекс аԥҟарақәа еидызкыло. Нарҭаа репос еиԥшуп. Уаҟа аԥсуа милаҭ ахәышҭаара ишазыҟоу, ажьра-цәара, аиуара, абиԥарақәа еимаздо адоуҳатә ԥсҭазаара инарҵаулан иаарԥшуп. Ароман аҿы инаҵышьны иаарԥшуп ашьоура атема иадҳәало ахҭысқәа. Уи ахьча Махаз иҭоурых зҳәо ановеллаҿы. Араҟа Махаз иԥҳацәа рцәа ԥызҽыз иуа гәакьа дишьуеит, ихымӡӷь ихихырц азы.
Ароман аҿы атемақәа рацәаны иаарԥшуп: ахәыҷра гәалашәарақәа рҟынтә, Сталини ирепрессиақәа, аколлективизациа, Кавказ иқәынхо ажәларқәа рдинтә – етикатә уадаҩрақәа реиҿагыларақәа, уҳәа.
Апроблематика
Ажанр аганахь ала «Чегьемтәи Сандро» иуадаҩуп жанрла изҵазкуа ашьақәыргылара. Алитератураҭҵаааҩцәа уи ароман – епос ҳәа ахьӡ арҭеит. Ароман афырхаҵа хада – ажәлар роуп. Асиужетқәа зегьы иудырбоит аԥсуаа реизыҟазаашьа, рҟазшьа, аҭыԥантәи аҵасқәеи, азакәанқәеи рықәныҟәашьа, аԥсабара ианааланы анхашьа ақәшәара. Ароман аҿы хадара иуеит Анцәа ду, ауаҩы игәы – ҩныҵҟала аҽрыцқьара мҩаԥысуеит ауаҩы акрыфара нап анаиркуа, ибысҭа анԥиҽуа инаркны, раԥхьатәи аныҳәаҿа «Анцәа улԥха ҳаҭ» аниҳәо ала. Фазиль Искандер аинтервиу анриҭоз иҳәеит, ари ароман ауаатәыҩса рхәыҷра иазкуп ҳәа.
Фазиль Искандер ииумор акы иалаҩашьом, уи иара аԥсабара ахаҭа иахылҵит, аԥсабара иазааигәоуп, асиужет иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп. Сандро ажәлар рфырхацәа дреиуоуп, маҷк игызмалу, иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы иманшәаланы алҵшьа иақәшәо, есымша зхатә феида алызхуа. Сандро иԥсҭазаара зегьы аҭамада иус хадақәа ируакуп, аныҳәаҿақәа рҳәараҿы еиԥш зеиԥшу иԥшаара уадаҩуп. Уи ибзиаӡаны иаарԥшуп «Напыхьараџь» ановеллаҿы, афырхаҵа хада иԥсхәы аураҿы. Аԥсра маанала иацәцаз ауаҩы, иԥсхәы анымҩаԥырго ихьӡ бзиарыла иахцәажәоит. Аԥсра-аԥсҭазаара азганк ахаан аикәшараҿы. Ароман аҿы аҳәынҭқәрратә лидерцәеи амчрақәеи рганахь ала, афилософиатә ирониеи асатиреи аҵубаауеит. Уи еиҳарак иубоит асоциализм асистемеи, аԥсуаа рпатриархалтә бзазареи рконфликт ала. Усҟантәи аамҭазы иҟаз авождцәа (Сталин, Бериа, Хрушьов) ирҿагылоит асиужет аҿы анхацәа. Ароман аҷыда ҟазшьақәа иреиуоуп абилингвалтә ԥсабара. Уи еиԥш аҿырԥштәқәа убалоит аурыс советтә литератураҿы: Чингиз Аитматов, Иури Рытхеу, уҳәа ашәҟәыҩҩцәа зхатәы бызшәала ииҩуаз, аха урҭ еицырдыруа иҟазҵаз урысшәала иахьҩҩуаз ауп. Урысшәала иҩу Фазиль Искандер ироманқәа зегьы Аԥсни аԥсуааи рзышәаҳәара иазкуп. Фазиль иҩымҭақәа рҿы еиҭеиҳәоит алегендақәа, алакәқәа, аҵасқәа аҭыԥантәи ауаа уахи-ҽни еибырҳәо, Чегемтәи аџьанаҭ иахҳәаау. Автор иԥсабара ирҿиамҭақәа рҿы ипарадоксалтәуп, шьаҭала аурыс классика ишаларсу еиԥш, аԥсуа классикагьы, ажәлар репосгьы иаларсуп, аԥхьаҩ инаҭоит алитератураҿы иҿыцу хырхарҭак аилкаара. Еиҭагашьа змам аилкаарақәа ҽа бызшәак ахь ииаго иаԥиҵоит анеологизмқәа, иаҳҳәап акомхоз реиԥш иҟоу.
Ажанр рацәа реиларҵәара идырбееит ҩ-культурак, ԥсыуа қыҭа хәыҷык XX ашәышықәса атәыла зегьы акатаклизмқәеи аҽыԥсахрақәеи зныԥшыз ҭоурыхны иаанхоит ахааназ ԥсра зқәым Чегьем.
Азгәаҭақәа
Ахархәара змоу алитература
Азхьарԥшқәа
Искандер Фазиль Абдулович
Искандер Фазиль Абдул-иԥа
Акатегориа:1929 шықәсазы ииз
Акатегориа:Хәажәкырамза 6 рзы ииз
Акатегориа:2016 шықәсазы иԥсыз
Акатегориа:Ԥхынгәымза 31 рзы иԥсыз
Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа
Акатегориа:Асовет шәҟәыҩҩцәа
Акатегориа:Аԥсны апоетцәа
Акатегориа:СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылацәа
Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР араионқәа рҟынтәи СССР жәлар рдепутатцәа
Акатегориа:Акультуреи аҟазареи ирызку Урыстәыла Ахада Ихеилак алахәылацәа
|
3149
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аԥсны_аконсул
|
Аԥсны аконсул
|
Аԥсны аконсул:
Британиа Ду: Џьорџь Хиуит (ҳаҭыр зқәу аконсул)
Ҟарачы-Черкессиа: Олег Етлухов
Акатегориа:Адипломатиа
Акатегориа:Аԥсны аполитика
|
3151
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Хьиуитт,_Џьорџь
|
Хьиуитт, Џьорџь
|
Џьорџь Хьиуитт (; , Донкастер, Британиа Ду) — кавказҭҵааҩуп, Лонднотәи аунивирситет апрофессор, Британиа аҵарадыррақәа ракадемиа алахәыла, Британиа Ду аҟны Ареспублика Аԥсны ҳаҭыр зқәу аконсул, алингвистика апроблемеи, аҭоурыхи ҳаамҭазтәи Кавказ аетнополитикатә ҭагылазаашьеи рзы астатиақәеи, аочеркқәеи, амонографиақәеи жәпакы дравторуп.
Азхьарԥшқәа
Официалтә саит
University of London – School of Oriental and African Studies
Акатегориа:Британиатәи алингвистцәа
Акатегориа:1949 шықәсазы ииз
Акатегориа:Абҵарамза 11 рзы ииз
Акатегориа:Кавказтәи абызшәақәа рылингвистцәа
|
3158
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ахба_(аҵакырацәара)
|
Ахба (аҵакырацәара)
|
Диана Ахба
Игор Ахба
Цира Ахба
Т. В. Ахба
Акатегориа:Аҵакырацәара
|
3160
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Сангәлиа_(аҵакырацәара)
|
Сангәлиа (аҵакырацәара)
|
Сангәлиа, Аинар
Сангәлиа, Беслан Едуард-иԥа
Сангәлиа, Гьаргь Алеқсандр-иԥа
Сангәлиа, Давид
Сангәлиа, Евгени Гьаргь-иԥа
Сангәлиа, Едуард
Сангәлиа, Михаил
Сангәлиа, Нарҭ
Сангәлиа, Сандро Ламшьаҵә-иԥа
Сангәлиа, Сырбеи Григории-иԥа
Сангәлиа, Шьалуа Михаил-иԥа
Акатегориа:Сангәлиаа
|
3163
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лакербаиа_(аҵакырацәара)
|
Лакербаиа (аҵакырацәара)
|
Лакербаиа, Леонид Иван-иԥа
Лакербаиа, Ҭемыр
Лакербаиа, Ҭенгиз
|
3165
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Анқәаб_(аҵакырацәара)
|
Анқәаб (аҵакырацәара)
|
Анқәаб
Анқәаб, Александр Золотинска-иԥа — Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада.
Анқәабԥҳа, Анна Шугуг-иԥҳа — аԥсны политик.
Анқәаб, Артур Мирод-иԥа — аԥсуа политик.
Анқәаб, Аслан Назырбеи-иԥа
Анқәаб, Виачеслав Уасил-иԥа
Анқәаб, Владимир Платон-иԥа — аԥсны поет.
Анқәабԥҳа, Емма Николаи-иԥха
Анқәабԥҳа, Ирина Борис-иԥха
Анқәабԥҳа, Ирина Леонид-иԥха
Анқәаб, Константин Матвеи-иԥа
Анқәаб, Константин Пач-иԥа
Анқәабԥҳа, Нелли Мкан-иԥха
Анқәаб, Слава Дикран-иԥа
Анқәаб, Тихон Константин-иԥа
|
3166
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лабахәуа_(аҵакырацәара)
|
Лабахәуа (аҵакырацәара)
|
Лабахәуа, Алиас Миха-иԥа
Лабахәуа, Леонти Бахәа-иԥа
Лабахәуа, Зураб
Лабахәуа, Мирон
Лабахәуа, Ҭалико
Елена Лабахуа
|
3168
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Агрба_(аҵакырацәара)
|
Агрба (аҵакырацәара)
|
Агрба
Агрба, Азиз Рашид-иԥа
Агрба, Алексеи Сергеи-иԥа
Агрба, Беслан Родион-иԥа
Агрба, Валери Владимир-иԥа
Агрба, Владимир Бабахь-иԥа
Агрба, Владимир Нури-иԥа
Агрба, Владимир Уасил-иԥа
Агрба, Гиви Камуга-иԥа
Агрба, Гудиса Едуард-иԥа
Агрба, Зураб
Агрба, Игор Леонид-иԥа
Агрба, Қьаазым Хәаҭхәаҭ-иԥа
Агрба, Леонид Владимир-иԥа
Агрба, Нугзар Нури-иԥа
Агрба, Абаза Омар
Агрба, Разамбеи Михаил-иԥа
Агрба, Ремзи Константин-иԥа
Агрԥҳа, Саида
Агрба, Харитон Даур-иԥа
|
3169
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Шьынқәба_(аҵакырацәара)
|
Шьынқәба (аҵакырацәара)
|
Шьынқәба
Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа — Аԥсны жәлар апоет;
Шьынқәба, Аппалон Естат-иԥа
Шьынқәба, Заабеи Гәдиса-иԥа
Шьынқәба, Ҟан Тамшьыгә-иԥа
Шьынқәба, Кәычыр Шьаиб-иԥа
Шьынқәба, Смел Ҭахьыр-иԥа
|
3171
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Табаӷәуа_(аҵакырацәара)
|
Табаӷәуа (аҵакырацәара)
|
Табаӷәуа, Асҭанда
Табаӷәуа, Баҭал Иван-иԥа
Табагуа, Паата Оҭар-иԥа
|
3172
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Убириа_(аҵакырацәара)
|
Убириа (аҵакырацәара)
|
Убириа, Бежан Михаил-иԥа
Убириа, Вахтанг
Убириа, Даниил
Убириа, Ҭамаз Владимир-иԥа
|
3173
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Џьопуа_(аҵакырацәара)
|
Џьопуа (аҵакырацәара)
|
Џьапуаа ма Џьапоуаа (авар. Џьопуа, Џьапуа, Џьапоу, Џьонуа) — абжьыуаа рыжәла ауп, Ҷлоу ақыҭа (Аимара аҳабла) инхоит.
Џьопыуаа
Џьопуа
Џьопуа, Аркади Иван-иԥа
Џьопуа, Баҭал Рушни-иԥа
Џьопуа, Беслан Циба-иԥа
Џьопуа, Иасон Ламшьаҵә-иԥа
Џьопуа, Рауфбеи
Џьопуа, Рушьни Кәыкәиа-иԥа
Џьопуа, Сеуарна Ӡаӡала-иԥа
Џьопуа, Тарашь
Џьопуа, Хута Франқьыл-иԥа
|
3174
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кәыбраа_(аҵакырацәара)
|
Кәыбраа (аҵакырацәара)
|
Кәыбраа, Беслан Сергеи-иԥа
Кәыбраа, Ҭамаз
Кәыбраа, Валериан
|
3175
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Малиа_(аҵакырацәара)
|
Малиа (аҵакырацәара)
|
Малиа, Адгәыр
Малиа, Валери
Малиа, Заур
Акатегориа:Малиаа
|
3177
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Цыгәба_(аҵакырацәара)
|
Цыгәба (аҵакырацәара)
|
Цыгәба, Алла
Цыгәба, Вахтанг
Цыгәба, Виачеслав Михаил-иԥа
Цыгәба, Кораи
Цыгәба, Хаиреттин Бекирович
|
3178
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ҩардан_(аҵакырацәара)
|
Ҩардан (аҵакырацәара)
|
Ҩардан, Виачеслав
Ҩарданԥҳа, Индира
Ҩарданԥҳа, Ирина
Ҩардан, Гиви
|
3179
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Висилиов
|
Висилиов
|
Висилиов, Виктор
Висилиов, Владимир
Висилиов, Иван
Акатегориа:Аҵакырацәара
|
3180
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Смыр_(аҵакырацәара)
|
Смыр (аҵакырацәара)
|
Смыр, Арда
Смыр, Ахра
Смыр, Вадим Алықьса-иԥа
Смыр, Виталии
Смыр, Геннади
Смыр, Динара
Смырԥҳа, Лариса
Смыр, Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа
Смыр, Саид
Смыр, Сергеи
Джон Смыр
Нина Смыр
Зоиа Етир-иԥҳа Смыр
Фат Смыр
|
3182
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гагәылиа_(аҵакырацәара)
|
Гагәылиа (аҵакырацәара)
|
Гагәылиа, Асҭамыр Геннади-иԥа
Гагәылиа, Геннади Леонид-иԥа
Гагәылиа-Аргун, Надежда Григори-иԥҳа
Гагәылиа-Арсеньева, Евгениа Дикран-иԥҳа
Гагәылиа Ҭамара
Акатегориа:Аҵакырацәара
|
3184
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Амҷба_(аҵакырацәара)
|
Амҷба (аҵакырацәара)
|
Амҷба
Амҷба, Гьаргь Алеқсандр-иԥа
|
3185
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ҭарба_(аҵакырацәара)
|
Ҭарба (аҵакырацәара)
|
Ҭарба, Альберт
Ҭарба, Асҭамыр
Ҭарба, Беслан
Ҭарба, Уасил
Ҭарба, Геннади
Ҭарба, Даур Нури-иԥа
Ҭарба, Иван
Ҭарԥҳа, Лиудмила
Ҭарԥҳа, Нелли Золоҭинск-иԥҳа
Ҭарба, Радион
Руслан Ҭарба
Ҭарба, Саид
Арзамет Тарба
Кандид Тарба
Нара Тарба
Сана Тарба
Фазлыбеи Тарба
Етери Тарба
|
3190
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Шәача_2014
|
Шәача 2014
|
Шәача 2014 (2014 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 2014) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
|
3192
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Москва_1980
|
Москва 1980
|
Москва 1980 (1980 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1980) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
1980
|
3196
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Пекин_2008
|
Пекин 2008
|
Беиџинг 2008 (2008 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 2008) - аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
Акатегориа:2008 шықәса
|
3197
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ванкувер_2010
|
Ванкувер 2010
|
Ванкувер 2010 (2010 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 2010) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
Акатегориа:2010 тәи шықәсқәа
|
3199
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Олимпиадатә_хәмаррақәа
|
Олимпиадатә хәмаррақәа
|
Олимпиада ()
(1) — номер Игр, прошедших в тех же городе / стране.
Аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәаАӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәаАшықәсАқалақьАтәылаАқалақьАтәыла1896IАфины (1) Бырзентәыла (1)1900IIПариж (1)Франциа (1)1904IIIЧикаго → Сент-Луис (1) ЕАА (1)1908IVРим → Лондон (1) Италиа → Британиа Ду (1)1912VСтокгольм (1) Швециа (1)1920VIIАнтверпен (1)Бельгиа (1)1924VIIIПариж (2)Франциа (2)IШамони (1)Франциа (1)1928IXАмстердам (1)Нидерланды (1)IIСанкт-Мориц (1)Швейцариа (1)1932XЛос-Анџьелес (1) ЕАА (2)IIIЛеик-Плесид (1) ЕАА (1)1936XIБерлин (1) Германиа (1)IVГармиш-Партенкирхен (1) Германиа (1)1948XIVЛондон (2) Британиа Ду (2)VСанкт-Мориц (2) Швейцариа (2)1952XVХельсинки (1) Финлиандиа (1)VIОсло (1) Норвегиа (1)1956XVIСоревнования по конному спорту прошли в Стокгольме, Швеция. Мельбурн (1)Австралиа (1)VIIКортина д'Ампеццо (1) Италиа (1)1960XVIIРим (1) Италиа (1)VIIIСкво-Велли (1) ЕАА (2)1964XVIIIТокио (1)Иапониа (1)IXИнсбрук (1)Австриа (1)1968XIXМехико (1)Мексика (1)XГренобль (1)Франциа (2)1972XXМиунхен (1)ФРГ (2)XIСаппоро (1)Иапониа (1)1976XXIМонреаль (1) Канада (1)XIIДенвер → Инсбрук (2)ЕАА → Австриа (2)1980XXIIМосква (1) СССР (1)XIIIЛеик-Плесид (2) ЕАА (3)1984XXIIIЛос-Анџьелес (2) ЕАА (3)XIVСараево (1)Иугославиа (1)1988XXIVСеул (1)Республика Кореа (1)XVКалгари (1) Канада (1)1992XXVБарселона (1) Испаниа (1)XVIАльбервилль (1) Франциа (3)1994XVIIЛиллехаммер (1) Норвегиа (2)1996XXVIАтланта (1) ЕАА (4)1998XVIIIНагано (1) Иапониа (2)2000XXVIIСиднеи (1) Австралиа (2)2002XIXСолт-Лейк-Сити (1) ЕАА (4)2004XXVIIIАфины (2) Бырзентәыла (2)2006XXТурин (1) Италиа (2)2008XXIXПекин (1) КНР (1)2010XXIВанкувер (1) Канада (2)2012XXXЛондон (3) Британиа Ду (3)2014XXIIШәача (1) Урыстәыла (1)2016XXXIРио-де-Жанеиро (1) Бразилиа (1)2018XXIIIПхиончхан (1) Республика Кореа (1)
Азгәаҭақәа
|
3200
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лондон_1908
|
Лондон 1908
|
Лондон 1908 (1908 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1908) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра.
Акатегориа:Олимпиада
|
3203
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Адлеиба_(аҵакырацәара)
|
Адлеиба (аҵакырацәара)
|
Адлеиба
Адлеиба, Амиран Сардион-иԥа
Адлеиба, Асҭамыр Антон-иԥа
Адлеиба, Борис Виктор-иԥа
Адлеиба, Зураб Кьыбеи-иԥа
Адлеи-ԥха, Мариа Кәациа-иԥҳа
*
|
3204
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Пухаев_(аҵакырацәара)
|
Пухаев (аҵакырацәара)
|
Пухаев, Георги
Пухаев, Инал
|
3205
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Зыхәба_(аҵакырацәара)
|
Зыхәба (аҵакырацәара)
|
Зыхәба, Аслан Алеқсандр-иԥа
Зыхәба, Иури Заур-иԥа
Зыхәба, Цира
Зыхәба, Илиа
Зыхәба, Сергеи Лад-иԥа
Зыхәба, Темур
|
3206
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ҷкадуа_(аҵакырацәара)
|
Ҷкадуа (аҵакырацәара)
|
Ҷкадуа, Анатоли Алықьса-иԥа
Ҷкадуа, Ибрагим
Ҷкадуа, Иури Владимир-иԥа
Ҷкадуа, Лаша
Ҷкадуа, Платон Семион-иԥа
Ҷкадуаԥҳа, Сабина
Ҷкадуа, Шоҭа Еугьан-иԥа
Ҷкадуа, Циала
|
3208
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лакоба_(аҵакырацәара)
|
Лакоба (аҵакырацәара)
|
Лакоба, Алексеи
Лакоба, Геннади
Лакоба, Иакуб Уасил-иԥа
Лакоба, Нестор Аполлон-иԥа
Лакоба, Евдокиа
Лакоба, Станислав Зосим-иԥа
|
3210
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ҳаразиа_(аҵакырацәара)
|
Ҳаразиа (аҵакырацәара)
|
Ҳаразиа, Адгəыр Рафеҭ-иԥа
Ҳаразиа, Алеқсандр
Ҳаразиаԥҳа, Вера Николаи-иԥҳа
Ҳаразиа, Владимир Камсагә-иԥа
Ҳаразиа, Гьаргь
Ҳаразиаԥҳа, Зоиа
Ҳаразиа, Саид Геннади-иԥа
Ҳаразиа, Ҳасан Лагустан-иԥа
|
3212
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Озган_(аҵакырацәара)
|
Озган (аҵакырацәара)
|
Озган, Ева
Озган, Константин Константин-иԥа
Озган, Кристина Константин-иԥҳа
|
3215
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ахра
|
Ахра
|
А́хра — хаҵа хьӡуп.
Алитература
Джонуа Б. Г. Киут А. Н. "Самоучитель Абхазского языка", Сухум 2003
Акатегориа:ахаҵа ихьӡқәа
|
3224
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Турин_2006
|
Турин 2006
|
Торино 2006 (2006 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 2006) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
Акатегориа:2006 шықәса
|
3225
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аҭена_2004
|
Аҭена 2004
|
Аҭена 2004 - Аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
Акатегориа:2004 шықәса
|
3226
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аҭена_1896
|
Аҭена 1896
|
Аҭена 1896 (1896 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1896) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра.
Акатегориа:Олимпиада
|
3227
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лондон_2012
|
Лондон 2012
|
Лондон 2012 (2012 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 2012) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра.
Акатегориа:Олимпиада
|
3228
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Рио-де-Жанеиро_2016
|
Рио-де-Жанеиро 2016
|
Рио-де-Жанеиро 2016 (2016 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 2016) - аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
|
3229
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лондон_1948
|
Лондон 1948
|
Лондон 1948 (1948 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1948) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра.
Категория:Олимпиада
|
3230
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Миунхен_1972
|
Миунхен 1972
|
Мунхен 1972 (1972 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1972) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Категория:Олимпиада
|
3231
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Сиднеи_2000
|
Сиднеи 2000
|
Сиднеи 2000 (2000 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 2000) - аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Категория:Олимпиада
Акатегориа:2000 шықәса
|
3232
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Атланта_1996
|
Атланта 1996
|
Атланта 1996 (1996 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1996) - аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
|
3233
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Барселона_1992
|
Барселона 1992
|
Барселона 1992 (1992 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1992) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
|
3234
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кортина_д'Ампеццо_1956
|
Кортина д'Ампеццо 1956
|
Кортина д'Ампеццо 1956 (1956 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1956) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
|
3235
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Сеул_1988
|
Сеул 1988
|
Сеоул 1988 (1988 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1988) - аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
|
3236
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лос-Анџьелес_1984
|
Лос-Анџьелес 1984
|
Лос-Анџьелес 1984 (1984 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1984) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
|
3237
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лос-Анџьелес_1932
|
Лос-Анџьелес 1932
|
Лос-Анџьелес 1932 (1932 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1932) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра.
Акатегориа:Олимпиада
|
3238
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Монреаль_1976
|
Монреаль 1976
|
Монтреал 1976 (1976 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1976) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
|
3239
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Мехико_1968
|
Мехико 1968
|
Мексико 1968 (1968 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1968) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Категория:Олимпиада
|
3240
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Токио_1964
|
Токио 1964
|
Токио 1964 (1964 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1964) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
|
3241
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Урым_1960
|
Урым 1960
|
Урым 1960 (1960 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1960) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра.
Акатегориа:Олимпиада
|
3242
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Мельбурн_1956
|
Мельбурн 1956
|
Мелбоурн 1956 (1956 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1956) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Категория:Олимпиада
|
3243
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Хельсинки_1952
|
Хельсинки 1952
|
Ҳелсинки 1952 (1952 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1952) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа.
Акатегориа:Олимпиада
|
3244
|
https://ab.wikipedia.org/wiki/Берлин_1936
|
Берлин 1936
|
Берлин 1936 (1936 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1936) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра.
Акатегориа:Олимпиада
Акатегориа:Берлин
|
Subsets and Splits
No community queries yet
The top public SQL queries from the community will appear here once available.